АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауарқәа рыла ахәаахәҭразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра иацу аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәаразы азакәан инапы аҵеиҩит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә актқәа рофициалтә саит аҿы.
Аԥкаанҵа анапы аҵаҩын Москва, 2023 шықәса лаҵара 16 рзы. Аԥкаанҵаҟны Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаарго атауарқәа рсиаҿы иарбоуп иӡшьартәу агаз.
Атауарқәа рыла аилахәҳаахәҭраз Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу Аԥкаанҵа рыдыргалеит Аенергетика аминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭрала.
Аамҭалатәи аԥкаанҵа жәамш рыҩнуҵҟа аахархәара арҭоит, амчра аиуоит иахәҭоу аҳәынҭқарра ҩнуҵҟатәи ауснагӡатәқәа шынарыгӡаз азы адырра аныҟалак ашьҭахь.
"Аамҭалатәи аԥкаанҵа ахархәара арҭоит, избанзар апропан ихымԥадатәиу атауарқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Аԥсны афымцамч азымхара иахҟьаны Урыстәылантәи ҳреспубликахь шықәсык иалагӡаны ҩ-нызқь тонна иӡшьартәу агаз ааргоит", - азгәаҭоуп азакәан апроект аилкаанҵаҟны.