Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара атауарқәа рыла ахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа алагалоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание Парламента Абхазии
Здание Парламента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедералтә еизареи Аҳәынҭқарратә думеи Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иааргарц иҟало атауарқәа реиқәыԥхьаӡа аԥкаанҵа шьақәдырӷәӷәахьан.
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала ишьақәнырӷәӷәеит Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу атауарқәа рыла ахәаахәҭразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра иалагалаз аԥсахрақәа.
Аԥкаанҵаҟны Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда иаарго атауарқәа рсиа иарбоуп иӡшьартәу агаз.
Аԥсны афинансқәа рминистрра иҟанаҵаз алкаақәа рыла, адокумент аус аруразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ахарџьцҵақәа аҭаххом.
Атауарқәа рыла аилахәҳаахәҭраз Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу Аԥкаанҵа рыдыргалеит Аенергетика аминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәшаҳаҭрала.
Повседневная жизнь - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2023
Аԥсны
Урыстәыла аиҳабыра аԥкаанҵа рыдыркылеит баџьда апропан Аԥсныҟа аагаразы
Аамҭалатәи аԥкаанҵа жәамш рыҩнуҵҟа аахархәара арҭоит, амчра аиуоит иахәҭоу аҳәынҭқарра ҩнуҵҟатәи ауснагӡатәқәа шынарыгӡаз азы адырра аныҟалак ашьҭахь.
"Аамҭалатәи аԥкаанҵа ахархәара арҭоит, избанзар апропан ихымԥадатәиу атауарқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Аԥсны афымцамч азымхара иахҟьаны Урыстәылантәи ҳреспубликахь шықәсык иалагӡаны ҩ-нызқь тонна иӡшьартәу агаз ааргоит", - азгәаҭоуп азакәан апроект аилкаанҵаҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0