Аԥсны

Аџьба Пицунда ақалақь иамоу апроблема хадақәа иреиуоу далацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 3 – Sputnik. Пицунда ақалақь иамоу апроблема хадақәа иреиуоуп- аканализациатә система апроблема, абри атәы иҳәеит Пицунда ақалақьтә еизара аиҳабы Мураҭ Аџьба арадио Sputnik апрограмма "Аԥшьаша хада" аҿы.

"Аинфраструктура ҳалацәажәозар апроблемақәа ҳамоуп ацрыҵӡыршьҭрақәа рганахьала, избанзар аамҭакалатәи аӡыҭгагақәа ргылан, иазыԥхьагәаҭан ӡыҭгага дук аргылара. Аха, аибашьра ашьҭахь уи залмыршахеит. Аамҭалатәиқәа иахьа уажәраанӡагьы ҳхы иаҳархәоит", - иҳәеит иара.

Аџьба иҳәеит ԥхынгәымзазы Гагра араион, Пицунда ақәоураӷәӷәа ҟалеит, анхарҭақәа жәпакы аӡы рыҵалеит. Асеиԥш еиҭаҟамларц иҷыдоу амаҵзурақәа ацрыҵӡыршьҭрақәа аамҭа-аамҭала иҭыдрыцқьа
Аџьба иҳәеит ԥхынгәымзазы Гагра араион, Пицунда амшцәгьақәа аԥхасҭа шрынаҭаз. Асеиԥш еиҭаҟамларц иҷыдоу амаҵзурақәа ацрыҵӡыршьҭрақәа аамҭа-аамҭала иҭыдрыцқьаауеит иҳәеит иара.