Аԥсны

Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҟны тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿ зусура иамырхыз амедиеҳәшьа лус иахәаԥшуеит

Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа анапхгара Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь иашшит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аграждантә усқәа рзы Ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа аԥнахырц азы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахәаԥшраны иҟоуп Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿ зусура иамырхыз амедиеҳәшьа лус аганахь ала ашшыԥхьыӡ.
Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа анапхгара Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь иашшит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аграждантә усқәа рзы Ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа аԥнахырц азы.
Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа амедиеҳәшьа Елона Багаҭелиаԥҳа 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ахәшәтәырҭа анапхгара лусура дамырхит. Багаҭелиаԥҳа Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭахь дашшит ламхраз адҵа иашам ҳәа азгәаҭо, лусурахь деиҭадырхынҳәырци закәаншьаҭада аусураҿ лыҟамзаараантәи лулафахәы лзыршәарц, адукат иқәылхарџьыз аԥара дырхынҳәрази, аморалтә ааха илыҭо ахәԥса ршәарази. Аха араионтә ӡбарҭа лашшыԥхьыӡ анагӡара иақәшаҳаҭымхеит.
Абри ашьҭахь Багаҭелиаԥҳа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аграждантә усқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь дашшит. 2023 шықәса ԥхынгәы 12 рзы Ахашшааратә коллегиа Багаҭелиаԥҳа лашшыԥхьыӡ азханаҵеит лусура ламхреи алеишәатә лахьыҭареи рзы адҵа иашамызт ҳәа ишьаны, ақәҵарагь аднакылеит Елона Багаҭелиаԥҳа лусураҿ деиҭашьақәыргылазарц, ахәшәтәырҭа анапхгара лыҟамзаараамҭазтәи лулафахәы ршәарц, азинхьчаҩ иқәхарџьыз аԥарақәа лыздыргьыжьырц, иара убасгьы лморалтә ааха ахәԥса ахыршәаарц. Ахәшәтәырҭа анапхгара ари аӡбамҭа иақәшаҳҭымхакәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь ашшыԥхьыӡ нарышьҭит.
Аԥсны
Аԥсны апрокурор хада Тҟәарчал араион аӡбарҭа аӡбаҩ дизашшит
Абҵара 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум актәи аилатәара мҩаԥысит. Апроцесс ахь апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниеи аҭакҟаҵаҩ – ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиеи шымнеизгьы аилатәара мҩаԥган.
Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа азинқәа ирыҵагыло адукатцәа Константин Чагәааи Есма Ҟалӷьԥҳаи аӡбаҩ Мадина Логәуаԥҳа дықәгазарц азыҳәа ҟарҵеит, лара адукат Константин Чагәаа дахьиуоу инамаданы. Убри аан ашшҩы Елона Багаҭелиаԥҳаи лдукат Ҭеиа Чагунавеи аӡбаҩ Логәуаԥҳа иашарыла аус шеиллырго, лыгәра шырго рҳәеит.
Аилацәажәара ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аӡбаҩ Логәуаԥҳа аус лалгара иақәшаҳаҭхеит.
Аӡбаҩцәа реилазаара ҿыц ишьақәыргыланы изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 1 азы.