Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны апрокурор хада Тҟәарчал араион аӡбарҭа аӡбаҩ дизашшит

© Sputnik / Томас Тхайцук Адгур Агрба
Адгур Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2023
Анапаҵаҩра
Ашшыԥхьыӡ ҟаҵан Викториа Ажьиԥҳа лхантәаҩрала аӡбамҭақәеи ақәҵарақәеи рыдкылараан ашьауӷатәи ашьауӷа-процессуалтә закәанԥҵареи реилагаразы.
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Аԥсны апрокурор хада Адгур Агрба Аквалификациатә коллегиахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Тҟәарчал араион аӡбарҭа ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Викториа Ажьиԥҳа лганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура асаит.
"Ашшыԥхьыӡ аилыркааратә хәҭаҿы еиқәыԥхьаӡоуп ашьаусқәа, азыӡбақәа, ақәҵарақәа, урҭ апроцессуалтә закәанԥҵара реилагара аҵаҵӷәала еиҳау аӡбарҭа иаԥнахит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Апрокуратура хада аҳәара ҟанаҵеит аколлегиахь ашшыԥхьыӡ иахәаԥшырц, аӡбаҩ изинмчрақәа заанаҵ раанкылараз аӡбра рыдыркыларц.
Аԥсны апрокурор хада дахәаԥшит ахашшааратә коллегиа аӡбаҩцәа Тҟәарчалтәи аӡбарҭа аӡбаҩ лганахь ала иҟарҵаз ашшреи иарбоу аамҭазы лара илыдылкылаз аӡбрақәа риашареи риашамреи рыҭҵаареи Рамини Аслани Амқәабаа, Мизан Гогуа, Аинар Сар-оглы рганахь ала. Азашшра мзыс иаиуит аус ахәаԥшраан аӡбаҩ лыгха рацәа, аилагарақәа.
Верховный суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2023
Аԥсны
Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа ирықәлаз рус азы аӡбарҭа азыӡба аԥыхуп
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа ирықәлаз рус азы азыӡба аԥнахит, аӡбарҭа аилазаара ҿыц ашьаус иҿыцны ахәаԥшразы инанашьҭит.
Азыӡба аԥыхра амзызқәа ируакуп, тҟәарчалтәи аӡбаҩцәа руаӡәк аилацәажәаратә уада амаӡа ахьираргамаз, уи адагьы аамҭак ала егьырҭ аусқәа ахьымҩаԥигоз азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0