АҞӘА, абҵара 16 - Sputnik. Абҵара 17 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Арӡынба-Ҳараниа, Лакоба, Имам Шамиль рымҩақәа рҿы ишьҭоу аӡымҩангага иҿыцу ацәаҳәа ахьаҿаԥыршьуа иахҟьаны ахәаша, абҵара 17 асааҭ 00:00 инаркны 21:00 рҟынӡа аӡы аанкылахоит.
Аӡы ҟалаӡом Ешба имҩа, Ажәытә ҳабла, авокзал, ақалақь агәы, ВИЕМ; аџьармыкьа, Алашарбага иахьрыҵаркуа.