Аԥсны

Абҵарамза аҽеиҩшамҭазы аԥсуа-аурыс ҳәаа хнызқь тонна инеиҳаны амандарина ахыргахьеит

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа рыла 2023 шықәсазы 30 000 тонна амандарина аҽаҩра иазыԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Абҵарамза аҽеиҩшамҭазы 3225 тонна инеиҳаны амандарина аԥсуа-аурыс ҳәаа иахыргахьеит, арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Арҭ арбагақәа 1150 тонна рыла еиҳауп ииасыз ашықәс иаҿырԥшны. 2023 шықәсазы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра адыррақәа рыла 30 000 тонна амандарина аҽаҩра иазыԥшуп. Ари ҵыԥхтәи аҽаҩра аасҭа ҩынтәны еиҵоуп.
"Иахьазы иҟоу аекспорт амҽхак алзыршаз асезон заанаҵы иахьалагаз ауп. Ҵыԥх уажәааноуп амандаринаҟәшәара ианалагаз. Ҳаззыԥшу аҽаҩра цәгьаӡам. Аамҭа иаҳнаҭар анхаҩцәа рҽаҩра ишырҭаху аиԥш аҭира рылшоит. Ахәԥса акәзаргьы ицәгьам: кьылак 50-70 мааҭ ҳәа иазгәаҭоуп ахаҭабзиара иаҿырԥшны", - иҳәеит Џьопуа.
Џьопуа иажәақәа рыла, аԥснытәи афермерцәа аекспорт иалахәым. Аахәара мҩаԥызго реиҳараҩык ареспубликахь иаауа абжьахәаахәҭыҩцәа роуп.
Сынтәа амандаринақәа рҳазатә хәыԥса 38 мааҭ ыҟоуп. Ари аҟынтәи 0,1% Аԥсны абиуџьет иҭалоит. Урыстәылатәи аҵакырахь алагаларазы аҳазатә хәыԥсаҟынтәи 10% ршәоит. Аминистр иажәақәа рыла, аԥснытәи амандаринақәа раахәара иазыхиоу рацәаҩуп.
Аԥсны
2000 тонна амандарина Аԥсны иалыргахьеит ацитрустә сезон иалагазар