Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2000 тонна амандарина Аԥсны иалыргахьеит ацитрустә сезон иалагазар

© Sputnik / Марианна Кубрава Сбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2023
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс абри аамҭазы ареспублика иалгаз 870 тонна заҵәык ракәын.
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. 2000 тонна амандарина Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәырҵахьеит сынтәатәи ацитрустә сезон иалагазар ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Ииасыз ашықәс абри аамҭазы ареспублика иалгаз 870 тонна заҵәык ракәын.
"Сгәанала аҳауатә ҭагылазаашьа маншәалақәа ирыбзоуроуп ариаҟара аҽаҩра аиура", - ҳәа иҳәеит Лабахәуа.
Урыстәылатәи аган ала аԥснытәи амандарина аҳазатә хәԥса сынтәа кьылак азы 38 мааҭ артәоит. Абри иаҿырԥшноуп аҳәаа ацитрус шәырқәа рахыгараан ашәарақәа шеиҿыркаауа.

"Аҟәа имҩаԥгаз аилацәажәараан урыстәылатәи аган иаҭан амандарина аҳазатә хәԥса аиҿкаашьазы адокументқәа. Арахь иаҵанакуеит Аминистрцәа реилазаара ақәҵара (кьылак амандарина ахәԥса 24 мааҭ ҳәа иахьышьақәыргылоу), аҳазатә еизгара ахәԥса, аҵиаақәа ркарантин азы амаҵзура аизгақәа, Аҳәынҭстандарт аизгақәа рзы адокументқәа. Адокументқәа рыҭо аҳәара ҟаҳҵеит урыстәыла аганаҿ аҳазатә хәԥса анеиҿыркаауа арҭ арбагақәа ҵаҵӷәыс иҟарҵарц. Дара ақәшаҳаҭхеит", – иҳәеит Лабахәуа.

Иара иазгәеиҭеит, Урыстәылагь Аԥсны аиԥш аҳазатә хәԥса шышьақәдыргыло аалыҵ ахаҭабзиареи аџьармыкьатә кониунктуреи ирҿырԥшны.
"Ҳара ираҳҳәеит Аԥсны ишыҟам аилыԥшааратә зауад, напыла ишеилырхуа. Уи дара еилыркааит", - ҳәа иҳәеит Лабахәуа.
Алиас Лабахәуа иара убасгьы иҳәеит сынтәа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысраан адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа акгьы ишазымашшыц.
Ажәабжьқәа зегьы
0