Аԥсны

Бжьаниа атәыла аҵараиурҭақәа рыстудентцәа Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш рыдиныҳәалеит

1941 шықәса абҵара 17 рзы афашизм иаҿагылан иқәԥоз атәылақәа рҟынтәи астудентцәа жәларбжьаратәи реиԥылараҿы ишьаҭаркын Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш, акзаареи аидгылареи иршьананы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа атәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҵаҩцәа Жәларбжьаратәи астудентцәа рымш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Агәра ганы сыҟоуп Аԥсны астудентцәа, адунеи ахьынӡанаӡааӡо астудентцәа зегь реиԥш аиашара, аҵоурара, апрогресс ишадгыло", - иҳәеит ахада.
Аԥсны ахада иҳәеит астудентцәа иахьатәи рықәҿиарақәа шракәу уаҵәтәи Аԥсны ақәҿиарақәа шьаҭаны ироуа.