АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра азгәаҭоуп Ахақәиҭра ашҭаҿ ԥхынҷкәын 20 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара апресс-маҵзура аҟынтә.
"Аԥсаӡ еибыҭаны иақәнагоу арлашагақәа рыла еиқәыршәаны иҳаргылоит, сынтәа аԥсаӡ иалаҳаргыло ахәмаргақәеи аибыҭашьеи аҽакхоит. Аԥсаӡ анаҩсгьы акәша-мыкәша аҽаԥсахуеит, иҟалоит ашықәсҿыцызтәи аџьармыкьа", - ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҟны.
Уи адагьы, Ефрем Ешба ихьӡ зху апарк аҟныи амшын аԥшаҳәа аҟныи иргылахоит афотосахьақәа ахьҭырхуа ашықәсҿыцызтәи аҭыԥқәа.