Урыстәыла

Быжьҩык зшьыз украинатәи аруаҩ иԥсахьынӡаҭоу аҭакра иқәырҵеит

Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы аҭынч уааԥсыра рганахь ала украинатәи аруаа имҩаԥырго ацәгьоурақәа ҭырҵаауеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik. ДЖәР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа УАМ аррамаҵзурауаҩ Иван Таран иԥсахьынӡаҭоу зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
27 шықәса зхыҵуа Таран ахара идҵоуп аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҿы ҩыџьеи ҩыџьа инареиҳани ауаа рышьреи мҽыӷрыла аҭынч уааԥсыра рызныҟәареи рзы.
Аусҭҵаараан ишьақәыргылан 2022 шықәса хәажәкырамзеи мшаԥымзеи рзы Таран адҵаҟаҵаҩ иҟынтә адҵа иоуит ԥшьҩык аҭынч уааԥсыра автомат ала дриехсны ишьырц. Ԥҳәыски ҩыџьа ахацәеи ишьит, аҽа ԥҳәыск дыԥсызшәа ҟалҵан деиқәхеит.
Иара убасгьы, Таран иҭаз адҵала даҽа ҩыџьа абџьар зкымыз аҭынч уааԥсыра аҩны иҩнаишьит. Аррамаҵзура ицахысуаз Иан Данилови иареи ари аҭыԥ ныжьны ианцоз маланыҟәала амҩа ианыланы ицоз ҩыџьа ауаа ишьит.
ДЖәР Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы Иан Данилов иганахь алагьы аусҭҵаара иахәаԥшуеит.
Урыстәыла
Украинатәи амшыншьаҟауаҩ ауаа рышьразы адҵа ахьыҟаиҵаз азы аҭакра иқәырҵеит