Аԥсны

Делԥҳа Аԥсныҟа иаагоу алаҵақәа Европа иреиӷьу иреиуоуп ҳәа ахылҳәааит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит ахәыҷқәа ишәарҭоу ачымазарақәа ирцәызыхьчо алаҵа заҵәык шакәу, аҭаацәа уи рдыруазар шрыхәҭоу.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik. Аԥсны амедусҳәарҭақәа рахь иаагоу алаҵақәа Европа иреиӷьу иреиуоуп ҳәа лҳәеит арадио Sputnik апрограмма "Посредник" аҟны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳа.
Лара иазгәалҭеит алаҵақәа рыҵәахра, рымҩангара, раагара жәларбжьаратәи астандартқәа ирықәшәо ишымҩаԥгоу.
Аҭаацәа ирымоу ашәарақәа дрылацәажәо аминистрра ахәыҷтәы ҳақьым хада Есма Гәниаԥҳа иазгәалҭеит алаҵа ишәарҭоу ачымазара шамырҿио.
Лара илҳәеит зны-зынлатәи ашоурашьҭыҵра аҽа чымазарак иадҳәалазар шауа. Алаҵа уи ачымазара, уаанӡа зхы шьҭызымхуаз, арцыхцыхзар ауеит лҳәеит лара.
Аекспертцәа ражәақәа рыла асеиԥш аҭагылазаашьақәа рҽырцәыхьчаразы ахәыҷы уаанӡа аҳақьымцәа дгәарҭароуп. Гәниаԥҳа лажәақәа рыла алаҵаҟаҵара мап ацәкра ахәыҷтәы-ҳақьым ма аневролог роуп азин ҟазҵо.
Урыстәыла
Еиҭарҿыцу "Спутник": раԥхьа иргыланы алаҵа ззыҟаҵатәу