Урыстәыла

Еиҭарҿыцу "Спутник": раԥхьа иргыланы алаҵа ззыҟаҵатәу

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВведение обязательной вакцинации пожилых от Covid-19 в части регионов России
Введение обязательной вакцинации пожилых от Covid-19 в части регионов России - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2023
Анапаҵаҩра
Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рмилаҭтә ҭҵаарадырратә центр аиҳабы Александр Гинцбург уаанӡа адырра ҟаиҵахьан еиҭарҿыцу алаҵа "Спутник" аклиникатә ԥышәарақәа ирхыжьуп, "Спутник Лайт" аахәара алшоит ԥхынҷкәынмза инаркны ҳәа.
АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik. Абыргцәеи ачымазарақәа лаҽы змоу ауааи алаҵаҟаҵара азхьаԥшра арҭалароуп, избанзар COVID-19 макьанагьы дара рзы ашәарҭара аҵоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳақьым-аиммунолог Анатоли Альштеин.
"Уажәы Урыстәылеи аҽа тәылақәаки рҿы авирус еиҭах ахы шьҭнахит. Урыстәыла мышкы ахы-аҵыхәала хәба-фба нызқьҩык ачымазара рыхьуеит. Иҟалоит ари аҭагылазаашьа аамҭақәак рышьҭахь ихҽыр, избанзар апандемиа уаанӡа аасҭа иԥсыҽуп", – иҳәеит иара.
Аҟазауаҩ еиҭеиҳәеит "Спутник" аиҭарҿыцра заҭаххаз.
"Апандемиа ианалага атәылақәа жәпакы рҿы авирус хызҽуа алаҵа аус адулара иалагеит. 2020 шықәса анҵәамҭазы урыстәылатәи алаҵа аклиникатә ԥышәарақәа ирхыжьын, ауаа ахархәараз ирыларҵәан. Аха апандемиа ыҟанаҵы авирус ахк ҿыцқәа цәырҵит. 2021 шықәсазы дара рантигенқәа аиԥшра рыман, риммунологиатә ҟазшьала ухантәи авирус иеиԥшын", - ҳәа иҳәеит Альштеин.
Иара иазгәеиҭеит, 2021 шықәса алагамҭазы алаҵа хра аманы иҟазҭгьы, 2021 шықәса анҵәамҭазы COVID-19 ахк ҿыц "омикрон" цәырҵит, нас дара урҭгьы рҽыршеит. "Омикрон" алаҵа иԥсыҽны иахьақәҿнаҭыз азы иазхәыцтәхеит алаҵа аиҭарҿыцра аус ҳәа иҳәеит Анатоли Альштеин.
Ажәабжьқәа зегьы
0