Аԥсны

Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст: аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхыруа иазкны

Аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхырхуа, иарбан лаԥшу еиҳа ибааԥсу, насгьы аҭәҳәаҟаҵаҩцәа рахь анеира шаҭаху уҳәа ртәы ҳадылгалоит НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik

Есма Ҭодуа, Sputnik

Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст

Алаԥш заахаз унаиҿаԥшыр дудыруеит рҳәоит аҭәҳәаҟаҵаҩцәа. Дара ирчымазаҩым иаразнакы дагьрыдыркылаӡом днеир, аха рус ала иааиз иакәзар, дара рхаҭа ирԥырхагахаргьы ҟалоит. Усҟан аҭәҳәаҟаҵаҩ акгьы имыхьразы ҵәыцак аӡы дынхыҭәҳәалан ижәуеит. Аҭәҳәаҩцәа бзиақәа ҳәа рыхьӡи рыжәлеи еидкыланы ирҳәоит, иахьагьы иразҵаауеит ауаа.

Ахьаа зыртәо ԥшьнашанатә цәаҳәак

"Ара ҳқыҭаҿы дыҟоуп аҭәҳәақәа ҟазҵо, ахәшәқәа лдыруеит: абылра ахәшә, аԥшьра. Уи иаллыргахьо рацәаҩуп. Уи ауаҩы данихәаԥшлак, ихьуа иаразнак илдыруеит. Алаԥш иачычогьы дыҟоуп. Са сыҷкәын аиқәԥара далоуп, деиқәԥон-егьиуан, абри ила ихьуа далагеит. Сара ахьҭа илалеит ҳәа иазысыӡбеит, аԥхӡы рылҵны адәахьы идәылҵуан, убри иаҿыҵызгон. Ҩымш цәгьала иаҳхаагеит, ашьҭахь сахьҵааз, ари ашьаптахь ҳәа иҟоуп, убри ауп лҳәеит", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Гәында Еныкь-Габниа.

Иазгәаҭатәуп, Гәында аҵарадырра шлымоу, Џьырхәа ақыҭа ашкол аҟны рҵаҩыс аус луеит, қәралагьы дқәыԥшуп, аха убри аан аҳақьымцәа инарываргыланы жәлар рмедицина азҟазацәагьы рыгәра лгоит, изныкымкәагьы урҭ дрыднагалахьеит.

Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст: аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхыруа иазкны

Убри акгьы иԥырхагаӡам лҳәеит, сара уаҵәы ахәшә изыҟасҵоит лҳәеит, уаҵәы иааганы изақәысҵоит, ичҳааит лҳәеит уаҵәынӡа. Ԥшьышықәса раԥхьа лыҷкәын убри аҩыза ахьаа анизцәырҵ абас еиԥш ала даллыргеит.

Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

"Абна иазҳауеит иара, аҵиаауп излылхуа, ахьӡ сызшәаҳәом, убри абна дылалан, даара ихаран, иаалгеит, акылхга икылхны илхәахәеит, инапы иақәылҵеит, даҭәҳәеит. Инапы иақәҵаны данаҭәҳәа, лара хымш димбароуп уи аԥҳәыс иҟазҵаз, лара дныҵашәкәа дцеит аҩныҟа, џьара дцоит. Аҩны ҳааит, аха инапы чит, аӡаӷьа ду аанахәеит, сылзаст аӡаӷьа гылт ҳәа, иҟабҵа закәи, инапы былуеит ҳәа. Инапы былуазар, беигәырӷьа, ихьзааит, уи ичҳауеит, акгьы ихьӡом лҳәеит. Аӡаӷьа ԥжәеит, ичит, есымша аӡы аауан, нас аблыхәшә ҟалҵеит, иара иацуп, аблыхәшә есышьжьымҭан, есыхәылбыҽха иахьушьлоит ухала. Хымш анааҵы, уаҳа ила имыхьӡеит, сыла, сыла ҳәа асаара иҽкаижьуан, убас иӷәӷәаны ихьуан, илақәа ирыхьыз сыздыруамызт. Агәылацәа, аҭынхацәа, бара иҟабҵо закәи, ахәыҷы дыбшьуама ҳәа сарҳәон. Иара акәымзар, даҽакызҭгьы, аӡаӷьа гылаӡомызт", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит лара.

Алаԥш заахаз акалашәа дҟалоит, аԥхӡы илҵуа далагоит, иԥсы маҷхоит, дқачқачоит, дыхьшәашәоит. Аҭәҳәа ҟаҵаны уи ианихыргалак, иҟазҵаз лахь ииасуеит, мамзаргьы лымч армаҷуеит рҳәоит, аха ухы ушаҭар, уи гәнаҳароуп, ахшаҭара ҟалаӡом ҳәа азгәарҭоит аҭәҳәаҩцәа.

"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

Иҵаау, ма ихаау

Аҭәҳәа ҟазҵо иахь анеишьагьы ахатәы кәамаҵамақәа амоуп. Алаԥш заахаз арахә акәзар, иҵаау уманы уизнеиуеит. Иҟалаз мҳәакәа, аџьыка анааидырклак, аҭәҳәаҩ еиликаауеит арахә шакәу алаԥш зкыз. Ахаа уманы унеир, ашьақар, акамфеҭ – усҟан иара идыруеит алаԥш заахаз дышуаҩу.

Абза лаԥш аасҭа аԥсы лаԥш еицәоуп рҳәоит. Убас ҳинформант иаҳзеиҭалҳәеит даҽа хҭыск атәгьы.

"Чхадыл аҽны акәын. Санхәа усҟан дџыхӡа дыҟан. Чхадыл азы аишәа иқәыз зегьы ахкқәа аақәхны чанах гәаҩак ианҵаны иганы икалыжьуеит. Сԥа усҟан дхәыҷын. Убри днеины иганы иахькалыжьыз дрылагьежьит иара, абас дныҟәеит… Уи ашьҭахьҵәҟьа игәы хынҳәуа далагеит, адырҩаҽны дбылны дцоит, дбылны дцоит. Ани сҳәан - ифом, ари сҳәан – ифом, зынӡа чаӷьк иҿахьы иааимго далагеит. Ауха џьаргьы ҳамцаӡеит, ҳашьҭалт, аҵхыбжьон дааԥшит, мама лыхцәы баббаӡа, сылхәаҽуеит, сыхәцә лкит, дысхалт ҳәа аумақәа рҳәара далагеит, ԥҳәыск дыҩуа дсышьҭоуп иҳәоит. Абри сгәаҿы иааит абри аԥсылаԥш дакызар ҟалап ҳәа, Чхадыл ҳамамзи… Гәдоуҭа ҵааҩ бзиак дыҟоуп, саннеи, зынӡаск иԥсы маҷханы, дкаҳауа дҟалахьан. Аҭәҳәа ҟалҵеит, хымш, аԥшьбатәи аҽноуп акранифа, акрифаӡомызт. Аӡы ижәыргьы иҿихуан, иаангылаӡомызт, аԥсцәа уаныркуа иуфо унаалаӡом, абрахь иуҿухлоит", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Гәында Еныкь-Габниа. Аҭәҳәа ҟаҵаны данаалга, лара дычмазаҩхеит уа ҳшыҟаз лҳәеит лара.

Аҭәҳәагьы ахәшә аҟаҵарагьы зегьы ирыцааиӡом ҳәа азгәарҭоит. Уи ҟазҵо игәы-иԥсы цқьазароуп, қәнагала дазнеироуп. Иара убасҵәҟьа уи иднагало ауаҩгьы игәрагара даара акраҵанакуеит. Ауаҩы иҟаиҵо агәра аниго ицааиуеит хымԥада. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: