Ацәарԥшӡы, абҷы, ацәаркыҷы: аԥсыуала рыхәышәтәышьеи ишыршьои

CC0 / / Ветрянка
Ветрянка  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ицәа иалалар зылшо еиуеиҧшым ачымазарақәа аҧсуаа дара рхатәы хьыӡқәа рырҭеит. Жәлар рдоуҳа иаҧнаҵеит урҭ рынцәахәқәагьы, дара ирықәнагахаша аныҳәарақәагьы. Убас Ахьы Зосҳан нцәахәыс дызмоу хҩеиҳәшьцәак: ацәарҧшӡеи, ацәаркыҷи, абҷи зҭааз ауаа ишыршьар акәу атәы аматериал азлырхиеит Есма Ҭодуа.

"Хҩык аиҳәшьцәа" рыхьӡ ашьара

Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы ауаа рцәа иалнахуаз ачымазарақәа изакәыз анырзымдырлак, ма хәышәтәышьа анырзамҭалак дазырҧшаауан Анцәахәы. Иара ажәа "ачымазара" ахаҭагьы рхы иадырхәомызт, шамахамзар ак зыхьуаз ауаҩы "абзиа иҭааит", ма "аҳцәа иҭааит" рҳәон.

Угәы бзиа, ухы бзиа: аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа - Sputnik Аҧсны
"Угәы бзиа, ухы бзиа": аԥсуа хәшәқәак рыхҳәаа

Ахьӡымҳәарала ачымазарақәа, мамзаргьы еиуеиҧшым амч лашьцақәа рҟәырҭхон ҳәа ирыҧхьаӡон.

"Ацәаркыҷы ҳәа иҟоуп (уи ветрианка ҳәа изҿу оуп- аред.), ацәарҧшӡы ҳәа иҟоуп (урысшәала оспа ҳәа иашьҭан- аред.), абҷы (корь- аред.) ҳәа иҟоуп. Иара зыхьыз ихы-иҿы зегьы ҭырҿҿаны ашәахсҭақәа аанахәоит, аха иахьӡыртәыз бымбои – ацәарԥшӡы – ицәа зырԥшӡаз. Ицәа зырҿаасҭаз рҳәаӡомызт, убриаҟара иацәшәон. Абри Анцәахәы убриаҟара иацәшәон ацәарԥшӡы захьӡырҵаз убриоуп", - ҳәа ҳалҳәеит арҭ ачымазарақәа аԥсыуала рыхәышәтәышьа иахаану Валентина Ҳалбад.

© Фото : Сырма АшубаВалентина Халбад
Ацәарԥшӡы, абҷы, ацәаркыҷы: аԥсыуала рыхәышәтәышьеи ишыршьои - Sputnik Аҧсны
Валентина Халбад

Ацәарԥшӡы аеҳәшьа еиҳаб лоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи длышьҭанеиуеит абҷы, нас ацәаркыҷы.

Ажәабжьҳәаҩцәақәак изларҳәо ала урҭ аеҳәшьаԥацәа роуп. Дара рынцәахәы Ахьы Зосҳан ҳәа ихьӡуп. Ахьы Зосҳан дзынцәахҿыҵәҟьаз ацәарԥшӡы акәын ҳәа ҳалҳәеит ҳара ҳинформант.

Арҭ "аеҳәшьцәа" зҭааз аҩнаҭа урҭ ишақәнагоу рымаҵ руроуп, дхәыҷума, ддума ицәа иалалаз изыбзиахаразы, дамыргәаҟразы иршьар ауп. Аҩнаҭаҿы аҩыжәра ҟалом, ашьакаҭәара (иарбанзаалак, кәтыума, шьтәоума) ҟалом, алаӷырӡ акаҭәара ҟалом (аԥсрахьы аныҟәара), ацҭәа аҟаҵара бзиам, иҟалом иара убас аӡахреи аԥареи – ачымазаҩ илабара иаԥырхагахар ҟалоит ҳәа. Иара ашәахсҭа ахәыҷы инылозгьы аҳцәарҭыԥ ҳәа ахьӡ ршьон. Зцәа ус еиԥш алнахыз "дышәҭит" ҳәа изырҳәон ашәҭ дадкыланы. Насгьы иара дахьышьҭаз (дахьыҩназ) ауадагьы иԥшӡаны идырхион, ашәҭқәа дыргылон, аишәа ахаа-мыхаақәа ықәырҵон. Аԥыжәара рыман аҟаԥшьи ашкәакәа аԥшшәқәеи.

Ажәакала Анцәахәы игәаҟаҵара иазкын иааҟарҵоз зегьы. Насгьы иара ачымазаҩгьы игәышьҭыхра иацхраауан ҳәа иԥхьаӡан. Иара аҩны ддәылҵыргьы ҟаломызт – абҷыи ацәаркыҷыи зыхьуаз 21 мшы, ацәарԥшӡы змаз 40 мшы, иара ачымазара даҽаӡә иахь ииасыр шауа алагьы уи имаҵ зуаз изыхьхьаз иакәын.

Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара

Анцәахәы дызҭааз рныҳәара

Арҭ ачымазарақәа иҟоуп иманшәаланы изхызго ауаа, иҟоуп иахнарҟьо, иҟалалон шьҭа ихгара иаҿуп шырҳәоз ҽыц амч аманы ианыгьежьуаз. Ачымазара амч аманы ианыгьежьлак "ахьаршә" ҳәа иашьҭан. Усҟан имҩаԥыргон абас еиԥш иҟаз аритуал: аԥхьа ахәыҷы (аду) арбаӷь хынтә ихы инакәыхшаны аҿаҭахьа рықәырҵон абри агәыи агәаҵәеи шуҳарбо ҳәа. Иара убас ихыргон ацәа (ацәашьы). Нас даныбзиахалак ашьҭахь арбаӷь шьны, ацәашьы ҟаҵаны, ачашә адкыланы дырныҳәон. Ари аганахьала азҿлымҳара амоуп ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба иавтобиографиатә роман "Ахаҳә еҩса" аҟны иааиго ацәаҳәақәа: "Ахьӡы зхьыршоу аҽы иақәтәоу Ахьы Зосҳан иан Ханиа Шкәакәа! Амаалықь хәыҷы былԥха-бгәыԥха игыбмыжьын!"

Новорожденный ребенок   - Sputnik Аҧсны
Ажьамкреи ашьапныҳәеи: ахәыҷы игәабзиара иазку ақьабзқәа

"Сара схаан, ирҳәоит убыс, нас, сан рыцҳа даныҟаз, ҳахҩык иҳахьын ахәыҷқәа, абҷоуп иҳахьыз. Абри убриаҟара дшәон, днеины дындәылҵны, Ахьы Зосҳан ҳәа днеины димҵаныҳәон, ҳхәыҷқәа рыԥсы ҭаны, еибганы Анцәа исыҭ ҳәа. Нас дара адуцәа иахьеибырҳәоз саҳауан хьырхьырхьырҳәа иҽы ашьҭыбжь, иҽы аҟәынақәа рышьҭыбжь ахьхьаҳәа агәарԥ аҿы исаҳаит ҳәа ианеибырҳәоз. Нас инеины агәашә аартны, анҭыҵ, - ианылаԥшлагьы аҽышьҭақәа ҳбеит ҳәа,..", - лҳәеит Валентина Ҳалбад.

Арҭ ачымазарақәа иара убас ауаҩы ашоура ҳаракны инаҭар алшоит. Убас еиԥш аан, арыхьҭышьра, ацәалаҟәаҟәара змаз аӡахьы дганы дырныҳәон – "аӡҭыхра" ҟарҵон.

"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Аԥҳәыс еиҳабы акәмаан лыманы аӡахьы дцаны аӡы таны, аӡыхь аҟынтәи х-хаҳәк уахь инӡааршәыланы илыманы даауан, убри далалкәабон, ахаҳәқәа карыжьӡомызт. Мышқәак рышьҭахь урҭ ахаҳәқәа лыманы, акәтаршыц аашьҭыхны дырҩегь аӡахьы дцон. Акәтаршыц ашьа аӡы ихылартә уа илшьуан, нас ахаҳәқәагьы аӡы инҭаԥсаны "Ӡаҳкәажә, доужь ҳхәыҷы" ҳәа иныҳәон.

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Акыраамҭа ичмазҩыз иара убас ахнышьыргьы иҵыргон – "иахьарнахыс ачымазара уҟәаҳхит" ҳәа наҟ-ааҟ хҩык аҳәса нагыланы деимырдон. Ачымазара иаханарҟьоз иҟан ажьираҿы инаганы ианырныҳәозгьы – "дыбзиахар урацәахә дшалаҳаршәыша" ҳәа (ажәытә ажьира иазыркуаз ауаа арацәала ирҷышәуан). Арҭ аҿырԥшҭәқәа иаадырԥшуеит аиха иалоу амагиатә мчы аԥсуаа разхаҵарақәа рҟны.

Иахьатәи ҳаамҭазы арҭ ачымазарақәа ахәшәқәа азыԥшаауп. Ацәарԥшӡы акәзар зынӡаск иаҟәырҭхахьеит, абҷыи ацәаркыҷыи зыхьуа жәамш рынахыс дшәарҭаӡам, ауаа дрылагылар ҟалоит рҳәоит аҳақьымцәа. Аха иахьагьы имаҷым уи аԥсыуала ҳәа 21 мшы аҩны идәылзмыжьуа. 21 мшы анҵлак нахыс 22 цыра ахәажә ҟаҵаны, аишәа ԥшӡаны хаа-мыхаала ирхианы ацәашьы ихганы "Ари нахыс дманшәалахааит, иаҳхаҳгеит, алԥха, агәыԥха имаз!" ҳәа иныҳәоит мҽышак аҽны. Иҟоуп ҩ-цәашьык азыркуагьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0