Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла мчыбжьык иалагӡаны УАМ иатәу арратә хыбрақәа 27 еилаԥырххаит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik. Урыстәыла мчыбжьык иалагӡаны УАМ иатәу арратә хыбрақәа 27 еилаԥырххаит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Абҵара 25 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа Урыстәылатәи Арбџьармчқәа УАМ иатәу арратә хыбрақәа 27 еилаԥырххаит: арратә аеродромқәа, артиллериа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, абџьар, арратә танкқәа, абылтәышьҭаҵарҭақәа. Уи адагьы иҭархан УАМ аруаа ртәарҭақәа", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ари аамҭа иалагӡаны Купиантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан 18 жәылара, иҭархан 315-ҩык аибашьцәа, ҩ-танкк, акәылӡымашьынақәа ааба, амашьынақәа 15.
Краснолимантәи ахрхарҭаҿы бжьымш рыҩнуҵҟа иаԥырҟәҟәаан 13 жәылара, 950-ҩык аибашьцәа ҭархан, акәылӡымашьынақәа 7, амашьынақәа 21.
Донецктәи ахырхарҭаҿы ДЖәР иатәу аиланхарҭа Артиомовск ахы иақәиҭыртәит, иаԥырҟәҟәаан аӷацәа ржәыларақәа 17, Мариинка, Курдиумовка, Клешьеевка араионқәа рҟны аибашьцәеи арратә техникеи еилаԥыххаан. Ари ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 1800-ҩык аруаа, ф-танкк, акәылӡымашьынақәа фба, амашьынақәа 31.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шықәсыбжак аҩнуҵҟа УАМ аконтржәылараан иацәыӡит 125 000-ҩык инареиҳаны ауаа
Урыстәыла аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа украинатәи аҳаирпланқәа ааба ҭадырхеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Миг-29 ԥшьба, Су-27 -ҩба, иара убас Су-25-ҩба.