АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аԥхьахә "Аԥхьагылаҩ қәыԥш" Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа иранашьахоит ԥхынҷкәын 25 рзы ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.
Азыҳәақәа рынашьҭра актәи ахәҭа хыркәшоуп. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа зықәра 30 шықәса еиҳам хҩык-хҩык аусзуҩцәа алыркааит.
Ахәшьараҟаҵаратә комиссиа урҭ рҟынтәи аӡәаӡәа алыркаауеит. Аԥхьахә "Аԥхьагылаҩ қәыԥш" символс дыҟоуп Нарҭ Сасрыҟәа. Асимвол автор – асахьаҭыхҩы Мадина Бигәааԥҳа.