Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа иранашьахоит аԥхьахә "Аԥхьагылаҩ қәыԥш"

© Sputnik / Марианна Кубрава Кабинет Министров РА
Кабинет Министров РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2023
Анапаҵаҩра
Аԥхьахә "Аԥхьагылаҩ қәыԥш" символс дыҟоуп Нарҭ Сасрыҟәа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Аԥхьахә "Аԥхьагылаҩ қәыԥш" Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаҵанакуа аминистррақәеи аусбарҭақәеи русзуҩцәа иранашьахоит ԥхынҷкәын 25 рзы ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзура.
Азыҳәақәа рынашьҭра актәи ахәҭа хыркәшоуп. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа зықәра 30 шықәса еиҳам хҩык-хҩык аусзуҩцәа алыркааит.
Ахәшьараҟаҵаратә комиссиа урҭ рҟынтәи аӡәаӡәа алыркаауеит. Аԥхьахә "Аԥхьагылаҩ қәыԥш" символс дыҟоуп Нарҭ Сасрыҟәа. Асимвол автор – асахьаҭыхҩы Мадина Бигәааԥҳа.
Ажәабжьқәа зегьы
0