Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Очамчыра араион аҿы аӡҭарчыеизакырҭа аиҭарҿыцра 15,5 млн мааҭ ақәырӡуп

Очамчыра ӡыла аиқәыршәараз асистема мҩаԥган 1976 шықәсазы, уи аахыс аремонт азуымызт. Акыршықәса ҵуеит ақалақь ӡыла аиқәыршәара еиԥҟьоижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Очамчыра араион аҿы аӡҭарчыеизакырҭа аиҭарҿыцра 15,5 млн мааҭ ақәырӡуп Аинвестпрограмма аҳәаақәа иҭагӡаны, абри атәы иҳәеит акапиталтә ргылара атехникатә хылаԥшра анџьныр Алиас Ахба.
Ахада ипресс-маҵзура ишаанацҳауа ала ихыркәшоуп Очамчыра ӡыла аиқәыршәара асистема аиҭашьақәыргылара. Актәи аетап аан иргылан аӡҭарчыеизакырҭа ҿыц. Ахԥатәи аетап аан ақалақь аӡымҩангагақәа ԥсаххоит.
Очамчыра араион ахадара АУН "Аӡыршьҭра" аиҳабы Авдени Џьопуа иазгәеиҭеит ақалақь аӡымҩангагатә цәаҳәақәа акыр иажәхьеит ҳәа.
"Ихымԥадатәиу усуп аҳақәа рыԥсахра. Уи ашьҭахь ауп ахархәаҩцәа еиԥҟьарада аӡы роуа ианалаго", - иҳәеит иара.
Ԥхынҷкәын 8 инаркны аӡеизакырҭа ахархәарахь инашьҭхоит. Аиԥшьраамҭақәа раан Очамчыра ӡыда иаанхоит.
Аԥсны
Очамчыра ауааԥсыра ԥшьымш ӡыда иаанхоит