https://sputnik-abkhazia.info/20231207/ochamchyra-auaasyra-shymsh-yda-iaankhoit-1049352981.html
Очамчыра ауааԥсыра ԥшьымш ӡыда иаанхоит
Очамчыра ауааԥсыра ԥшьымш ӡыда иаанхоит
Sputnik Аҧсны
Аӡаанкылара адҳәалоуп Мықә ақыҭаҿы Аинвеспрограммала иргылаз аӡҭарчы-ӡеизакырҭа ҿыц аҟны аремонттә усурақәа ахьымҩаԥырго. 07.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-07T14:00+0300
2023-12-07T14:00+0300
2023-12-07T14:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/13/1047011610_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_c8fcea947a24e71632e31769f60ff97a.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Очамчыра ауааԥсыра ԥшьымш, ԥхынҷкәын 8-11 рзы ӡыда иаанхоит аремонттә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араионтә "Ӡыршьҭра" аиҳабы Авдени Џьопуа. 2023 шықәса жәабранмзазы Очамчыра араион Мықә ақыҭаҿ Аинвестпрограммала иргылан аӡҭарчы-ӡеизакырҭа, Очамчыра зегьы ӡыла еиқәзыршәашаз. Џьопуа иажәақәа рыла, уажәы ара аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит, ашахта иаҿуп. Авдени Џьопуа иҳәеит ақалақь ауааԥсыра зегьы шамахамзар абакқәа шырзықәгылоу, заанаҵы ргәы рҽанаҳҵеит, аӡаанкылара проблема дук рызцәырнагом ҳәа. Аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь Очамчыреи Араду, Мықә, Маркәыла ақыҭақәеи аӡы еиԥҟьарада ироуа иалагоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/07/13/1047011610_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_86ac1e4d9235ab69893f468765a5cccf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Очамчыра ауааԥсыра ԥшьымш ӡыда иаанхоит
Аӡаанкылара адҳәалоуп Мықә ақыҭаҿы Аинвеспрограммала иргылаз аӡҭарчы-ӡеизакырҭа ҿыц аҟны аремонттә усурақәа ахьымҩаԥырго.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Очамчыра ауааԥсыра ԥшьымш, ԥхынҷкәын 8-11 рзы ӡыда иаанхоит аремонттә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит араионтә "Ӡыршьҭра" аиҳабы Авдени Џьопуа.
2023 шықәса жәабранмзазы Очамчыра араион Мықә ақыҭаҿ Аинвестпрограммала иргылан аӡҭарчы-ӡеизакырҭа, Очамчыра зегьы ӡыла еиқәзыршәашаз. Џьопуа иажәақәа рыла, уажәы ара аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит, ашахта иаҿуп.
"Очамчыра аӡеизакырҭақәа роуп ҳазлацәажәо. Аӡҭарч ҿыц иадҳәалахоит. Уи мышқәак аҭахуп. Уажәы акапиталтә ргыларазы Аусбарҭа аӡҭарчы аремонт ҟарҵоит. Анаҩс аӡымҩангага ҿыц адырҳәалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Авдени Џьопуа иҳәеит ақалақь ауааԥсыра зегьы шамахамзар абакқәа шырзықәгылоу, заанаҵы ргәы рҽанаҳҵеит, аӡаанкылара проблема дук рызцәырнагом ҳәа. Аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь Очамчыреи Араду, Мықә, Маркәыла ақыҭақәеи аӡы еиԥҟьарада ироуа иалагоит.