Аԥсны

2023 шықәса абҵарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы рыхәԥса жьҭаарамза иаҿырԥшны 5,1% рыла еиҳахеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik. 2023 шықәса абҵарамзазы Аԥсны аԥсшьаразы рыхәԥса жьҭаарамза иаҿырԥшны 5,1% рыла еиҳахеит, абри атәы аанацҳауеит Росстат.
Иара убас арбагақәа шьҭыҵит Азербаиџьани Ермантәылеи ртурқәа рзы.
Урыстәыла агаҿахь атурныҟәарақәа рыхә абҵарамзазы 9,5% рыла еиҳахеит. Алада-Мрагылартәи Азиа атәылақәак рахь 19,4% рыла ишьҭыҵит.
Урыстәылатәи атуреилахәыра "Алеан" аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов иажәақәа рыла, Аԥсны ашықәсҿыцызтәи аныҳәақәа азгәазҭарц зҭахәу урыстәылауаа рхыԥхьаӡара ҵыԥхтәи арбгақәа ирҿырԥшны ҩынтә-хынтә еизҳаит. Аԥхынтәи атурқәа рыҭира ҵыԥхтәи арбгақәа ирҿырԥшны ԥшьынтә еизҳаит.
Аԥсны
Ашықәс ҿыц Аԥсны: избан ареспубликахь иаауа атуристцәа зырацәахаз