Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашықәс ҿыц Аԥсны: избан ареспубликахь иаауа атуристцәа зырацәахаз

© Sputnik / Екатерина Лызлова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к Новому году в Сочи
Подготовка к Новому году в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иубартә иҟалеит ииасыз ашықәс иаҿырԥшны сынтәа заанаҵы аԥсшьарҭа-ҭыԥқәа рҿаҵара ишалагаз, еиҳа ишырацәахаз. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит урыстәылатәи атуреилахәыра "Алеан" аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов.

"Аԥсшьарҭатә ҩнқәак рҿы уажәнатә аҭыԥқәа ыҟаӡам. Сынтәатәи ашықәс азы аҿаҵарақәа рдинамика џьоушьартә иҟоуп. Ҳтуристцәа ашықәс ҿыц азы иахьцаша аҭыԥқәа маҷхеит хәыԥсалагьы адокументқәа рылагьы. Еиҳа иманшәалоу форматуп Аԥсны – акультуреи, аныҳәа амҩаԥгашьа аиԥшымзаареи, ацитрусқәа рыҟазаареи рыла", - иҳәеит иара.

Аныҳәамшқәа рзы Аԥсны аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара аиҳахара шьаҭаны иамоуп атурист обиект ҿыцқәа рцәырҵра, аӡҭарчы ԥхақәа, спа-программақәа уҳәа амаҵзурақәа рцәырҵра ҳәа иҳәеит Косилов.
"Иҟалап ари ихадароу акәымзаргьы аха ус акәзаргьы анырра ҟанаҵоит. Аобиект ҿыцқәа ракәзаргьы ауаа ҿыцқәа рыдрыԥхьалоит. Уажәнатә жәабран, хәажәкыра уҳәа амзақәа рзтәи аҿаҵарақәа ҟарҵоит иахьыԥхо, шьыжьхьа, шьыбжьхьа, уаххьа ахьрыдыргало, аӡҭарчы ԥхақәа ахьамоу аотельқәа рҿы. Асеиԥш иҟоу аҭыԥқәа рхатәы контингент рымоуп ахәқәа ирыхьмырԥшыкәагьы" ҳәа иҳәоит аилахәыра "Алеан" ахаҭарнак.
Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2023
Аԥсны
Аԥсныҟа аԥхынтәи атурқәа рыхәԥсақәа ԥшьынтә еиҳахеит
Иара убри аан Косилов иазгәеиҭеит иааидкыланы ареспубликаҿ аӡынаамҭаан атуристцәа рзы амаҵзурақәа шырацәам.
"Абри ахырхарҭала аотелиерцәа даарак рҽырҟьоит ҳәа узазгәаҭом. Аиҳарак инарҭбаау амаҵзурақәа цәырыргоит уаанӡа Урыстәыла ари абизнес знапы алакыз аинвесторцәа. Аҭыԥантәи аотелиерцәа аӡынразы џьара иҿыцу ак рхәыцит, имҩаԥыргоит ҳәа узҳәом. Еилкаауп ари аекономика ишадҳәало, абизнес аҽа сигментк акәны ишыҟоу" ҳәа иҳәеит иара.
Аӡын аамҭазы глемпинг далацәажәо Косилов иҳәеит ари атуризм хкы макьана хәҭа-хәҭалатәи аҟазшьа шамоу, аиҳарак аԥхынтәи акурорттә сезон ишазырхо.

"Иҟоуп Аԥсны ибзиаӡоу глемпингқәа, аха урҭ анеира ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рҿы иҟоуп, аиҳарак ашьхараҿ. Аӡын акәым аԥхынгьы анеира уанацәшәо. Аԥхын ауаа рырацәара инадҳәаланы урҭ аобиектқәа рырҭәра алшозар, аӡын уи акыр иуадаҩуп. Иҟалар алшоит жәаҩык-жәохәҩык аха аиҳараҩык ақалақьтә отельқәа роуп иалырхуа, адәқьанқәа, акрыфарҭақәа, аҿиара змоу аинфраструктура ахьааигәо. Аиҳаракгьы ашықәс ҿыц азы аныҟәара еиҳа бзиа ирбоит", - иҳәеит Сергеи Косилов.

Ииасыз ашықәс иадҳәаланы сынтәа атурқәа 15-30% рыхәԥса халеит ҳәа иҳәоит аексперт.
Ажәабжьқәа зегьы
0