Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Херсонтәи ахырхарҭаҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ықәрыцҟьааит

Урыстәылатәи аруаа аоперациа ҷыда шымҩаԥыргарц имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 12- Sputnik. Урыстәылатәи ар Херсонтәи ахырхарҭаҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ықәрыцҟьааит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.

"Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи аиланхарҭа ҭыԥ Чернобаевка (Херсонтәи аобласт) игылаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ықәрыцҟьааит, иара убасгьы 107 раион рҿы УАМ аруааи атехникеи ааха рырҭеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳауаҽацәыхьчаратә мчрақәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит 24 дрон ЛЖәР, ДЖәР, Херсонтәии Запорожиетәи аобластқәа рҿы.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Купиансктәи ахырхарҭаҿы украинатәи ажәыларатә гәыԥқәа ржәыларақәа ԥшьба шаԥырҟәҟәааз, Берестовое, Ивановки, Новоегоровки рҿы ишҭархоу 30-ҩык аруааи автомашьынақәа хԥеи.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы ар ргәыԥ "Центр" иаԥнарҟәҟәааит УАМ амеханизациа зызуу 63-тәи абригада ажәылара. Ари ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 175-ҩык асолдаҭцәа, атанк, ҩ- автомобилк, аршьаҟауаа рмашьына.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа УАМ атактикатә гәыԥқәа рнапхгаҩцәа рҽеизгарҭа иалахысит
Донецктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп 18 жәылара. Киев иацәыӡит ишьуи ихәуи 200-ҩык, акәылӡмашьынақәа ҩба, ҩ-гаубицак Д-30, Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы –-80 еибашьҩы, х-автомобилк, артиллериатә шьақәгыла "Krab", арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50.
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп 4 жәыларак. Киев иацәыӡит ишьуи ихәуи 45 еибашьҩы, х-автомобилк, агаубица Д-30, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50, Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 40-ҩык украинатәи асолдаҭцәа, 4 автомобилк.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи агентцәа ргәыԥ Ҟрым иаадырԥшит