Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа УАМ атактикатә гәыԥқәа рнапхгаҩцәа рҽеизгарҭа иалахысит

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка экипажей танков Т-90 "Прорыв"
Подготовка экипажей танков Т-90 Прорыв - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ааха рырҭеит украинатәи атактикатә гәыԥқәа "Катрани" "Омахеи" рнапхгаҩцәа рҽеизгарҭақәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа роператив-тактикатәи арратәи авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериатә гәыԥқәеи ааха рырҭеит Украина Арбџьармчқәа ртактикатә гәыԥқәа "Катрани" "Омахеи" рнапхгаҩцәа рҽеизгарҭақәа, иара убас УАМ акәылӡытехника абылтәыҵәахырҭақәа, аруаа, арратә техника 128 раион рҿы", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Урыстәыла Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла аицҭырҟьаратә система HIMARS иақәгылоу ареактивтә снариадқәа фба икарыжьит украинатәи адронқәа 20 Херсонтәи аобласт, ЛЖәР, ДЖәР рҿы.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Купиансктәи ахырхарҭаҿы "Мраҭашәаратәи" ар ргәыԥ уахыки-ҽнаки рыла иаԥдырҟәҟәааит АУМ ажәыларақәа хԥа, иҭадырхеит 30-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-автомобилк, аконтрбатареиатә қәԥара арадиолокациатә станциа, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иаԥдырҟәҟәааит 67-тәи амеханизациа зызуу абригада ажәыларатә гәыԥ, Украина амилаҭтә гвардиа 31-тәи абригада аруаа. Уахыки-ҽнаки рыла ари ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 50-ҩык рҟынӡа аруааи ҩ-автомобилки.
Боевая стрельба экипажей модернизированного танка Т-62 на полигоне в Запорожской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла мчыбжьык иалагӡаны УАМ иатәу арратә хыбрақәа 27 еилаԥырххаит
Донецктәи ахырхарҭаҿы аӷа ижәыларақәа ааба аԥырҟәҟәаауп, Артиомовск, Красныи, Андреевка, Курдиумовка, Маринка рҿы уи имчқәа ааха рыҭоуп. Уахыки-ҽнаки рыла 300-ҩык асолдаҭцәа ҭархоуп, х-автомобилк, Д-20 арбџьар, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Акациа", ҩ-гаубицак Д-30.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ уахыки-ҽнаки рыла УАМ ирцәыӡит 80-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-автомобилк, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Акациа", "Гвоздика".
Запорожиетәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 50-ҩык рҟынӡа аруаа, автомобилк, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 60-ҩык рҟынӡа аруаа, ҩ-автомобилк, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика". Уи адагьы, ҩыџьа украинатәи асолдаҭцәа хатәгәаԥхарала аурысцәа рыҽрырҭеит.
Работа гаубиц Мста-Б в южном секторе СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар УАМ иатәу адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба ҭадырхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0