Аԥсны

Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан Гагра жәнызқьҩык рҟынӡа атуристцәа ирзыԥшуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Ашықәсҿыцазтәи аныҳәамшқәа раан Гагра жәнызқьҩык рҟынӡа атуристцәа ирзыԥшуп, абри атәы иҳәеит Гагра араион акурорти атуризми рыҟәша аиҳабы Ахра Бганба.
"Есышықәса ашықәс ҿыц аламҭалаз атуристцәа рацәаны иаҳҭаауеит. Сынтәагьы имаҷҩымкәа ҳарзыԥшуп. Ҵыԥх аныҳәақәа раан иаҳҭааз асасцәа 6-7 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. Сынтәа иҳамоу адыррақәа рыла, арбагақәа 20-25% рыла еиҳахоит", - иҳәеит Бганба.
Бжьаратәла аӡынразы Гаграҟа иаауеит 3-5 мшы ҳәа. Гагра араион акурорти атуризми рыҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, сынтәа бжьаратәла аныҳәамшқәа раантәи ахәԥсақәа 20-30% рыла еиҳахоит.
"Аԥсны асасааирҭақәа Ашықәс ҿыц рҽаздырхиоит. Еиуеиԥшым апрограммақәа ирызхәыцуеит. Урҭ аԥаразоужьра рҭахуп. Убри азоуп атурқәа рыхәқәагьы зышьҭыҵуа. Иара убасгьы аинфлиациа ахы аанарԥшуеит", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Ашықәс ҿыц Аԥсны: избан ареспубликахь иаауа атуристцәа зырацәахаз
Бганба иҳәеит асасааирҭақәа зегьы аӡын аус шырымуа, аԥхын мацара иаарту шыҟоу.
Гагра ақалақь ахаҭагьы аныҳәа аԥыларазы аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Аԥсаӡ хада Аиааира ашҭаҿы иргылахоит. Бганба иҳәоит аныҳәаз ақалақь акыр аҽеиҭанакуеит ҳәа.