АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Ауаажәларратә Палата Жәлар Реизара ԥхынҷкәын 7 азтәи асессиаҿы ирыдыркылаз "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит Апалата апресс-маҵзура.
"Ауаажәларратә палата арҭ аԥсахрақәа аҭахны иҟоижьҭеи акырҵуан ҳәа иазырыԥхьаӡеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа атекст аҿы.
Иазгәаҭан арҭ ариашарақәа ауаажәларра рыҩнуҵҟа еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа шцәырыргаз, амилаҭ азҵаара аԥсуа етнос аҩнуҵҟа амилаҭтә шәарҭадара иахьадырҳәало азы.
"Ари азинтә акт атәылауаҩра змам, зҽеидкыланы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра ахәҭак аҿы инхо ахаҿқәа ҳаамҭа иақәшәо ҳтәыла аполитикатәи, асоциал-економикатәи, аетнокультуратәи аҵакыра рыҽрылахаларазы азиншьаҭа рынаҭоит. Ҳәарада, Аԥсны адемографиатә проблема аӡбара, амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәара, иара убас уи ихьыԥшым, изинтәу, идемократиатәу аҳәынҭқарра аҳасабала наҟ-наҟ аҿиарагьы иацхраауеит", - ҳәа азгәаҭоуп атекст аҿы.
Аԥсахрақәа иалдыршоит змилаҭра еиҭашьақәзыргыларц зҭаху атәылауаа рзинқәа рԥымкра. Абри азинтә ҭышәныртәалара агхақәа риашахоит атәылауаа рмилаҭра аиҭакра адагьы аиҭашьақәыргылара азин рыҭарала, ари азин зауа асубиектқәа рхыԥхьаӡара иацҵо.
Азакәан иара убасгьы ахарҭәаарақәа алагалахоит аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргыларазы, ара инхо аԥсуаа реиԥш аҳәаанырцә инхо атәылауаҩра змам ахаҿқәа рызгьы. Аԥсахрақәа рыдкылан ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.