Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргыларазы аԥкрақәа раԥыхра иазкны

Аҳәатәи аҳәашьеи: аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргыларазы аԥкрақәа раԥыхра иазкны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷқәын 7 рзы Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа" аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥсахрақәа аланагалеит. Алагала иҟаҵоу ала заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭахыз ирымаз аԥкрақәа амнахуеит. Уаанӡа Гал араион ахадас иҟаз, ауаажәларратә усзуҩ Ҭемыр Надараиеи, Жәлар Реизара адепутат Кан Кәарҷиеи ари азҵааразы еиҿагылоу ргәаанагарақәа еибырҳәеит. Адырраҭара иалахәын иара убас Шьашьикәаратәи ашкол адиректор Едишер Зыхәбеи Гал Араионтә еизара ахантәаҩы Беслан Канҭариеи.
Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" амҩаԥгаҩцәа Инал Лазбеи Елеонора Коӷониаԥҳаи аполитикеи, акультуреи, асоциалтә ԥсҭазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ганрацәала ирылацәажәоит. Арадио Sputnik Аԥсны астудиахь иаарыԥхьоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы зхатә гәаанагара змоу аполитикцәа, аусдырыҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Адырраҭара ишиашоу ицо аефир аҿы есԥшьаша иҟоуп асааҭ 13 инаркны 14-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0