https://sputnik-abkhazia.info/20231219/auaazhlarrat-palata-atylauarat-agylazaasha-akta-rzy-azakan-asakhraa-irydgyleit-1049506054.html
Ауаажәларратә Палата "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ирыдгылеит
Ауаажәларратә Палата "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ирыдгылеит
Sputnik Аҧсны
Апалата апленартә еилатәара мҩаԥысит, аетникабжьаратә зҵаарақәеи Гал араион ауааԥсыра Аԥсны асоциалтә ҵакыра ралархәреи рзы акомиссиа аԥшьгарала. 19.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-19T09:46+0300
2023-12-19T09:46+0300
2023-12-19T09:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101933/88/1019338815_0:317:6017:3701_1920x0_80_0_0_4b6d676aa0e963c71b7ea7163346f4ec.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Ауаажәларратә Палата Жәлар Реизара ԥхынҷкәын 7 азтәи асессиаҿы ирыдыркылаз "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит Апалата апресс-маҵзура. "Ауаажәларратә палата арҭ аԥсахрақәа аҭахны иҟоижьҭеи акырҵуан ҳәа иазырыԥхьаӡеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа атекст аҿы. Иазгәаҭан арҭ ариашарақәа ауаажәларра рыҩнуҵҟа еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа шцәырыргаз, амилаҭ азҵаара аԥсуа етнос аҩнуҵҟа амилаҭтә шәарҭадара иахьадырҳәало азы. Аԥсахрақәа иалдыршоит змилаҭра еиҭашьақәзыргыларц зҭаху атәылауаа рзинқәа рԥымкра. Абри азинтә ҭышәныртәалара агхақәа риашахоит атәылауаа рмилаҭра аиҭакра адагьы аиҭашьақәыргылара азин рыҭарала, ари азин зауа асубиектқәа рхыԥхьаӡара иацҵо. Азакәан иара убасгьы ахарҭәаарақәа алагалахоит аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргыларазы, ара инхо аԥсуаа реиԥш аҳәаанырцә инхо атәылауаҩра змам ахаҿқәа рызгьы. Аԥсахрақәа рыдкылан ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
https://sputnik-abkhazia.info/20231207/aparlament-ishanareit-asua-milarei-asua-zhlei-reiashayrgylaraz-azin-1049352730.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231214/aati-aashei-asua-milarei-asua-zhlei-reiashayrgylarazy-akraa-raykhra-iazkny--1049449991.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101933/88/1019338815_330:0:5685:4016_1920x0_80_0_0_a279f5255fa0b787e836944afb24e016.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ауаажәларратә Палата "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ирыдгылеит
Апалата апленартә еилатәара мҩаԥысит, аетникабжьаратә зҵаарақәеи Гал араион ауааԥсыра Аԥсны асоциалтә ҵакыра ралархәреи рзы акомиссиа аԥшьгарала.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Ауаажәларратә Палата Жәлар Реизара ԥхынҷкәын 7 азтәи асессиаҿы ирыдыркылаз "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьа актқәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ирықәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит Апалата апресс-маҵзура.
"Ауаажәларратә палата арҭ аԥсахрақәа аҭахны иҟоижьҭеи акырҵуан ҳәа иазырыԥхьаӡеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭа атекст аҿы.
Иазгәаҭан арҭ ариашарақәа ауаажәларра рыҩнуҵҟа еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа шцәырыргаз, амилаҭ азҵаара аԥсуа етнос аҩнуҵҟа амилаҭтә шәарҭадара иахьадырҳәало азы.
"Ари азинтә акт атәылауаҩра змам, зҽеидкыланы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра ахәҭак аҿы инхо ахаҿқәа ҳаамҭа иақәшәо ҳтәыла аполитикатәи, асоциал-економикатәи, аетнокультуратәи аҵакыра рыҽрылахаларазы азиншьаҭа рынаҭоит. Ҳәарада, Аԥсны адемографиатә проблема аӡбара, амилаҭтә шәарҭадара арӷәӷәара, иара убас уи ихьыԥшым, изинтәу, идемократиатәу аҳәынҭқарра аҳасабала наҟ-наҟ аҿиарагьы иацхраауеит", - ҳәа азгәаҭоуп атекст аҿы.
Аԥсахрақәа иалдыршоит змилаҭра еиҭашьақәзыргыларц зҭаху атәылауаа рзинқәа рԥымкра. Абри азинтә ҭышәныртәалара агхақәа риашахоит атәылауаа рмилаҭра аиҭакра адагьы аиҭашьақәыргылара азин рыҭарала, ари азин зауа асубиектқәа рхыԥхьаӡара иацҵо.
Азакәан иара убасгьы ахарҭәаарақәа алагалахоит аԥсуа жәлақәа реиҭашьақәыргыларазы, ара инхо аԥсуаа реиԥш аҳәаанырцә инхо атәылауаҩра змам ахаҿқәа рызгьы. Аԥсахрақәа рыдкылан ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.