Урыстәыла ахада иалхрақәа

Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгашьа иалацәажәеит

Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы аԥснытәи атәылауаҩшәҟәқәа рыдагьы, ирымоуп аурыс тәылауашәҟәқәагьы, уи иабзоураны дара ирылшоит Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхара.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа ирызкны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Ари аҩыза акрызҵазкуа ахҭыс ибзианы ҳҽазыҟаҳҵароуп, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа излауала ирацәаны ралахәра еиҿаҳкаароуп", - иҳәеит Бжьаниа.
Ахада адҵа риҭеит Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа зегьы абжьыҭира иалахәхаразы алшарақәа рзаԥҵазарц.
Афедерациатә хеилак Урыстәыла ахада иалхра арыцхә ҳәа ишьақәнаргылеит 2024 шықәса хәажәкыра 17. Урыстәыла АКХ ахада иалхразы абжьыҭарақәа хымш хәажәкыра 15-17 рзы ишымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәеит.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Владимир Путин адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ахада иалхрақәа ихы шалаирхәуа. Уи аԥхьаҟа иара ԥшьынтә Урыстәыла ахадас далырххьан: 2000, 2004, 2012, 2018 шықәсқәа рзы. Аконституциа аԥсахрақәа аналаргала ашьҭахь иара иоуит даҽазныкгьы алхрақәа рылахәхаразы алшара.
Урыстәыла ахада иалхрақәа
Алхратә гәыԥ Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа еицҿакны иақәшаҳаҭхеит