https://sputnik-abkhazia.info/20231219/urystyla-akhada-ialkhraa-asny-rymagasha-ialatsazheit-1049518791.html
Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгашьа иалацәажәеит
Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгашьа иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы аԥснытәи атәылауаҩшәҟәқәа рыдагьы, ирымоуп аурыс тәылауашәҟәқәагьы, уи иабзоураны дара ирылшоит Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхара. 19.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-19T19:00+0300
2023-12-19T19:00+0300
2024-03-15T16:03+0300
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
владимир путин
урыстәыла ахада иалхрақәа
урыстәыла ахада иалхра 2024
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/13/1049515760_0:59:1280:779_1920x0_80_0_0_03294eac245a2d13a093bcaf7fdb41c3.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа ирызкны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Ахада адҵа риҭеит Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа зегьы абжьыҭира иалахәхаразы алшарақәа рзаԥҵазарц. Афедерациатә хеилак Урыстәыла ахада иалхра арыцхә ҳәа ишьақәнаргылеит 2024 шықәса хәажәкыра 17. Урыстәыла АКХ ахада иалхразы абжьыҭарақәа хымш хәажәкыра 15-17 рзы ишымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәеит.Иҳаҩсыз амчыбжь азы Владимир Путин адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ахада иалхрақәа ихы шалаирхәуа. Уи аԥхьаҟа иара ԥшьынтә Урыстәыла ахадас далырххьан: 2000, 2004, 2012, 2018 шықәсқәа рзы. Аконституциа аԥсахрақәа аналаргала ашьҭахь иара иоуит даҽазныкгьы алхрақәа рылахәхаразы алшара.
https://sputnik-abkhazia.info/20231217/alkhrat-gy-putin-urystyla-akhada-ialkhraa-rylakhkharazy-ibama-eitsakny-iashaakheit-1049477681.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/13/1049515760_82:0:1199:838_1920x0_80_0_0_2c105694b82d60b334a4a6109e33cf15.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа, владимир путин, урыстәыла ахада иалхра 2024, аԥсны
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа, владимир путин, урыстәыла ахада иалхра 2024, аԥсны
Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгашьа иалацәажәеит
19:00 19.12.2023 (ирҿыцуп: 16:03 15.03.2024) Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы аԥснытәи атәылауаҩшәҟәқәа рыдагьы, ирымоуп аурыс тәылауашәҟәқәагьы, уи иабзоураны дара ирылшоит Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхара.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа ирызкны. Абри атәы
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Ари аҩыза акрызҵазкуа ахҭыс ибзианы ҳҽазыҟаҳҵароуп, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа излауала ирацәаны ралахәра еиҿаҳкаароуп", - иҳәеит Бжьаниа.
Ахада адҵа риҭеит Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа зегьы абжьыҭира иалахәхаразы алшарақәа рзаԥҵазарц.
Афедерациатә хеилак Урыстәыла ахада иалхра арыцхә ҳәа ишьақәнаргылеит 2024 шықәса хәажәкыра 17. Урыстәыла АКХ ахада иалхразы абжьыҭарақәа хымш хәажәкыра 15-17 рзы ишымҩаԥысуа шьақәнарӷәӷәеит.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Владимир Путин адырра ҟаиҵеит Урыстәыла ахада иалхрақәа ихы шалаирхәуа. Уи аԥхьаҟа иара ԥшьынтә Урыстәыла ахадас далырххьан: 2000, 2004, 2012, 2018 шықәсқәа рзы. Аконституциа аԥсахрақәа аналаргала ашьҭахь иара иоуит даҽазныкгьы алхрақәа рылахәхаразы алшара.