Аԥсны

"Росгранстрой": аҳәааҿы имҩаԥысуа аусурақәа ГААҬ аиҭашьақәыргыларақәа ирыдҳәалам

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аҳәаахьчаратә ҭыԥ аушьҭратә лшара сынтәа, нанҳәамзазы бжьынтә еиҳаны иацҵахеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Ганрацәалатәи автомабилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны ицо арегламенттә усурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аиҭашьакәыргыларақәа ирыдҳәалам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҳәынҭҳәааргылараҿы.
"Урыстәыла атранспорт аминистрра анапаҵаҟа иҟоу ФГКУ "Росгранстрой" имҩаԥнагоит ганрацәалатәи автомабилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ажәытә ахәҭаҟны арегламенттә усурақәа. Арҭ аусурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аиҭашьақәыргыларақәа ирыдҳәалам", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.
Аилахәыраҿ ирҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьакәыргылара апроект хықәкыс ишамоу аушьҭратә лшара аизырҳара. Апроект аекспертизахь ирыҭоуп.
Аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара-арҽеиратә усурақәа ирылагоит ФАУ "Главгосэкспертиза Россия" аҟынтә ақәшаҳаҭратә шәҟәы анроулак.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭарҿыцраз апроект иалнаршоит уахыки-ҽнаки рыла 18-20 нызқь транспортхархәагеи 80 -100 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи роушьҭра.