https://sputnik-abkhazia.info/20231220/rosgranstroy-aaay-imaysua-ausuraa-gaa-aiashayrgylaraa-irydalam--1049528031.html
"Росгранстрой": аҳәааҿы имҩаԥысуа аусурақәа ГААҬ аиҭашьақәыргыларақәа ирыдҳәалам
"Росгранстрой": аҳәааҿы имҩаԥысуа аусурақәа ГААҬ аиҭашьақәыргыларақәа ирыдҳәалам
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аҳәаахьчаратә ҭыԥ аушьҭратә лшара сынтәа, нанҳәамзазы бжьынтә еиҳаны иацҵахеит. 20.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-20T10:25+0300
2023-12-20T10:25+0300
2023-12-20T10:26+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102852/02/1028520279_0:70:2000:1195_1920x0_80_0_0_4907c279151e667710fb3edf57c71eb9.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Ганрацәалатәи автомабилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны ицо арегламенттә усурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аиҭашьакәыргыларақәа ирыдҳәалам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҳәынҭҳәааргылараҿы. Аилахәыраҿ ирҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьакәыргылара апроект хықәкыс ишамоу аушьҭратә лшара аизырҳара. Апроект аекспертизахь ирыҭоуп. Аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара-арҽеиратә усурақәа ирылагоит ФАУ "Главгосэкспертиза Россия" аҟынтә ақәшаҳаҭратә шәҟәы анроулак. Аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭарҿыцраз апроект иалнаршоит уахыки-ҽнаки рыла 18-20 нызқь транспортхархәагеи 80 -100 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи роушьҭра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102852/02/1028520279_157:0:1934:1333_1920x0_80_0_0_44d06fcbaafe9a53bcaa8d5b95990599.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
"Росгранстрой": аҳәааҿы имҩаԥысуа аусурақәа ГААҬ аиҭашьақәыргыларақәа ирыдҳәалам
10:25 20.12.2023 (ирҿыцуп: 10:26 20.12.2023) Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аҳәаахьчаратә ҭыԥ аушьҭратә лшара сынтәа, нанҳәамзазы бжьынтә еиҳаны иацҵахеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Ганрацәалатәи автомабилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны ицо арегламенттә усурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аиҭашьакәыргыларақәа ирыдҳәалам ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аҳәынҭҳәааргылараҿы.
"Урыстәыла атранспорт аминистрра анапаҵаҟа иҟоу ФГКУ "Росгранстрой" имҩаԥнагоит ганрацәалатәи автомабилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ажәытә ахәҭаҟны арегламенттә усурақәа. Арҭ аусурақәа Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы аиҭашьақәыргыларақәа ирыдҳәалам", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.
Аилахәыраҿ ирҳәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьакәыргылара апроект хықәкыс ишамоу аушьҭратә лшара аизырҳара. Апроект аекспертизахь ирыҭоуп.
Аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара-арҽеиратә усурақәа ирылагоит ФАУ "Главгосэкспертиза Россия" аҟынтә ақәшаҳаҭратә шәҟәы анроулак.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭарҿыцраз апроект иалнаршоит уахыки-ҽнаки рыла 18-20 нызқь транспортхархәагеи 80 -100 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыреи роушьҭра.