Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽыцәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 36 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽыцәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла Харьковтәии Херсонтәии аобластқәа, ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟны украинатәи адронқәа 36 карыжьит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы аҳауаҽыцәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа фба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аекипажда катерқәа рыргыларҭеи авиациаџьаԥҳаны ашьҭаҵарҭеи, 110 раион рҿы ааха рыҭоуп аруааи атехникеи.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы Киев 15 еибашьҩы ацәыӡит, иҭархоуп ҩ-машьынак, Д-30 агаубица. Краснолимантәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 150-ҩык аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп шәҩык рҟынӡа аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хәба, абзарбзан Д-30, Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 220 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, х-автомашьынак.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы 115-ҩык ишьуи ихәуи ыҟоуп, иҭархоуп ҩ-автомашьынак, Запорожиатәи ахырхарҭаҿы - 160 солдаҭ, х-автомашьынак, артиллериатә система М777 ҭархоуп.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп адиверсантцәа рыӡхыҵрақәа хәба, Киев иацәыӡит 130 солдаҭ, х-автомашьынак, артиллериатә система М777, агаубица Д-20, абзарбзан Д-30 (3).