https://sputnik-abkhazia.info/20231220/putin-arrat-operatsia-yda-akhyka-map-rtsakuam-1049527148.html
Путин: арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам
Путин: арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 рзы, киевтәи арежим аҟынтәи Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы. 20.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-20T09:00+0300
2023-12-20T09:00+0300
2023-12-20T09:00+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
владимир путин
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/13/1049526440_0:0:3057:1720_1920x0_80_0_0_0b9233d88bd9833029d545609b60f738.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Украина имҩаԥааго арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам ҳәа иҳәеит Владимир Путин атәылахьчара аминистрра имҩаԥнагаз инарҭбаау аколлегиатә еилатәараҟны. Путин иҳәеит 1991 шықәсазы НАТО атәылақәа алианс мрагыларахь ала иҳарҭбаауам ҳәа шырҳәаз. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит НАТО шполитикатә еиҿкаароу, агрессиа зҵоу аҟазшьақәагьы шамҵәахуа. Путин иазгәеиҭеит аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы аурыс ар аԥыжәара шамоу, активла ахыхьчара атактика шамоу, иахьаҭахугьы - аҭагылазаашьа еиӷьнатәуеит ҳәа. "Аӷа ацәыӡ дуқәа имоуп, убри аан ирҳауҳауз аконтржәылараҿы алҵшәақәа имоушәа иԥшәмацәа ҿыцқәа идирбар иҭахуп. Уи адагьы мраҭашәаратәи аибашьыга техникагьы аӡбахә шырҳәоз ишыҟамыз аабеит", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада. Владимир Путин иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Мраҭашәара Урыстәыла аҵанархарц аҽышәарақәа Урыстәыла арбџьармчқәа ишеилаԥырххааз.
https://sputnik-abkhazia.info/20231219/shoigu-urystylati-ar-adunei-any-reia-aibashralshara-amoup-a-akhiaait-1049517909.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231219/putin-aiadert-triada-arol-iubart-iazait-1049513662.html
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/13/1049526440_164:0:2895:2048_1920x0_80_0_0_c477d2ee301ac7aba7f817fe5ae6963d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, владимир путин, украина
ажәабжьқәа, владимир путин, украина
Путин: арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам
Урыстәыла арратә операциа ҷыда иалагеит 2022 шықәса жәабран 24 рзы, киевтәи арежим аҟынтәи Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Украина имҩаԥааго арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам ҳәа иҳәеит Владимир Путин атәылахьчара аминистрра имҩаԥнагаз инарҭбаау аколлегиатә еилатәараҟны.
Путин иҳәеит 1991 шықәсазы НАТО атәылақәа алианс мрагыларахь ала иҳарҭбаауам ҳәа шырҳәаз. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит НАТО шполитикатә еиҿкаароу, агрессиа зҵоу аҟазшьақәагьы шамҵәахуа.
"Мраҭашәара мап рыцәнакуам Урыстәыла аанкылараз астратегиеи Украина иамоу ахықәкқәеи. Ус акәзар ҳаргьы Украина имҩаԥааго арратә операциа ҷыда ахықәкқәа мап рцәаҳкуам", - ҳәа иҳәеит Владимир Путин.
Путин иазгәеиҭеит аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы аурыс ар аԥыжәара шамоу, активла ахыхьчара атактика шамоу, иахьаҭахугьы - аҭагылазаашьа еиӷьнатәуеит ҳәа.
"Аӷа ацәыӡ дуқәа имоуп, убри аан ирҳауҳауз аконтржәылараҿы алҵшәақәа имоушәа иԥшәмацәа ҿыцқәа идирбар иҭахуп. Уи адагьы мраҭашәаратәи аибашьыга техникагьы аӡбахә шырҳәоз ишыҟамыз аабеит", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада.
Владимир Путин иқәгылараҟны иазгәеиҭеит Мраҭашәара Урыстәыла аҵанархарц аҽышәарақәа Урыстәыла арбџьармчқәа ишеилаԥырххааз.