Аԥсны

Гәдоуҭа араион ахәҭак лашарада иаанханы иҟоуп

Аремонт мҩаԥызго абригадақәа амшцәгьа иахҟьаны иԥҵәаз афымцамҩангагақәа реиԥшьра иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Афон ҿыц, Гәдоуҭа араион мрагыларатәи ахәҭа, астанциа маҷқәа "Мҵара", "Дәрыԥшь", "Приморское" лашарада иаанханы иҟоуп ԥхынҷкәын 24 ауха аахыс, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
"Афымцамҩангагақәа жәпакы ԥҵәеит, аҵлақәа каҳаит, абригадақәа зегьы урҭ реиԥшьра иаҿуп", - рҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.
Иазгәаҭоуп, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿгьы алашара ыҟамызт, аха ишаҿаркхьоу.
АҶА апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, Гәдоуҭа, Гагра, Гәылрыԥшь, Очамчыра уахынла аҵлақәа каҳан, ареспубликатә трасса ианаҳалеит, амашьынақәа рныҟәара иаԥырхагахеит. АҶА аусзуҩцәа урҭ зегьы шаанӡа рыԥҟара иаҿын, уажәы амҩақәа аатуп.
Аԥсны
Аҟәа ахәҭак лашарада иаанхоит амҽыша