Ауаажәларратә палатаҿы ари амчыбжь азы ирылацәажәон афымцамч азҵаара, 2023 шықәса аихшьаалақәа ҟарҵеит, иаадыртит ареспубликатә аԥсаӡ.
Sputnik
Апарламентбжьаратә усеицура
Ԥхынҷкәын 18 рзы Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володини, Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы Алан Алборови Москва еиԥылеит.
Аганқәа Аԥсны, Урыстәыла, Белоруссиа, Аахыҵ Уаԥстәыла рзакәанԥҵаратә усбараҭқәа рпарламентбжьаратә еинырра азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Афымцамч азҵаарақәа
Ԥхынҷкәын 19 рзы Аԥсны афымцамч аусхк аҿы иҟоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит Ауаажәларатә палатаҿы.
Еизаз алацәажәеит афымцамч иахьатәи аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаны акризис алҵразы амҩақәа рыԥшаара.
Аилацәажәара рҽаладырхәит ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Апарламент адепутатцәа, Аҟәа ахада Беслан Ешба, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал, анаплакы уаанӡатәи ахадацәа Аслан Басариеи Резо Занҭариеи.
"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал далацәажәеит аенергетика аҭагылазаашьа, иазгәеиҭеит ахархәара адефицит миллиард кВт·с рҟынӡа шыҟоу, иеиҷаҳаны аныхраани ишахәҭоу ахәшәараани Аԥсны шықәсык аҩнуҵҟа 1,7-1,8 миллиард кВт·с еиҳамкәа иннахуа иҟалар шалшо.
Азыӡба
Ԥхынҷкәын 18 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟаз Вадим Воуба аҭакра иқәнаҵеит.
Игәы иҭакны ауаҩы дишьит, ишәарҭароу аҟазшьала ҩыџьа, ҩыџьеи инареиҳани ауаа рышьра иҽазишәеит, иара убасгьы абџьари аџьаԥҳани закәаншьаҭада раахәара, рымазаара, рымҩангара ихароуп ҳәа ишьоу Вадим Воуба 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ахгара иқәҵоуп.
Рамин Хмаил дыршьит ԥхынгәы 27 ауха. Амашьына аԥсҟы зкыз Д. Џьумутиа ахәра иманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит.
Амашәыр
ԥхынҷкәын 18 рзы асоциалтә ҳақәа аԥснытәи рсегмент аҿы ирылаҵәеит авидео. Уа иубоит апетарда аӡӷаб ишлымпыҵаԥжәо. Ԥхынҷкәын 19 рзы Гагра апетарда зымпыҵаԥжәаз Шәачаҟа диаргеит.
Ахәышәтәырҭаҿ ирҳәеит сынтәазы ари раԥхьатәи хҭысуп ҳәа. 2022 шықәсазы Гагра апетарда иахҟьаны хаҵак ааха иоухьан.
Амедицинатә еихшьалақәа
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ԥхынҷкәын 20 рзы имҩаԥигеит апресс-конференциа, 2023 шықәсазтәи аусбарҭа аусура аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Быҭәба еиҭеиҳәеит ареспублика атәылауаа ирыҭоу амедицинатә цхыраара атәи Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара ианалаго атәи.
Аиашьа ицхыраара
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа агуманитартә еидара наргеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа – Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәеи Херсони Запорожиеи робластқәа рахь.
Аԥснынтәи инагоуп 50 тонна ацитрус шәырқәеи аԥаҭлыка иҭоу аӡи. Урҭ рахьтә жәа-тоннак нагоуп аинтернационалтә бригада "Пятнашка" ахьгылоу аҭыԥ ахь.
Агуманитартә еидара мҩанызгоз амашьынақәа ԥхынҷкәын 20 рзы ашьыжь амҩа иқәлеит. Ауснагӡатә напхгара аиҭон атәыла ахада ихаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниа.
Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп асубиектқәа рхадацәа рԥылара, Аԥсни дареи реинырра азҵаарақәа рылацәажәара.
АҩАР аделегациа
Ԥхынҷкәын 20 рзы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аԥышәатәи аметодикатәи ацхыраара аҭара хықәкыс иҟаҵаны Аԥсныҟа иааит Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа. Аделегациа идикылеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Кьиут.
Аиԥылара рхы аладырхәит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа Беслан Ҷкадуеи Ҭенгиз Нарманиеи аминистр иабжьгаҩ хада Инал Маршьаниеи.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русеицура азҵаарақәа рыла аусуреи 2020 шықәса, жьҭаарамза 23 рзы ирыдыркылаз "Ареспублика Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа рсоциалтә гарантиақәеи рџьаԥса ашьҭыхреи Ареспублика Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминстрра аусбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәареи рзы ахарџьқәа реицфинансыркразы" Аиқәшаҳаҭра апунктқәа рынагӡара еиҿырԥшны агәаҭара.
Ацәыӡ
Ԥхынҷкәын 22 рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа иԥсҭазаара далҵит.
Шьониа сынтәа иара 101 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит.
1942 шықәсазы Алықьса Шьониа дрылахәын Донбасс, Ҟрым, Керч, Ростовтәи аобласт уҳәа рҭарцәра. Иара убасгьы далахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.
Аԥсны амшцәгьақәа
Ԥхынҷкәын 24 ауха иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥҵәеит Аԥсны араионқәа рҿы.
Аҵлақәа ахькаҳаз иахҟьаны ареспубликатә трассаҿы амашьынақәа рымҩа кын. АҶА аусзуҩцәа шаанӡа амҩақәа рҿы аҵлақәа ықәыргеит, амҩа аадыртит.
Аԥсаӡ хада
Аԥсны ашықәсҿыцазтәи аԥсаӡ хада аартра азгәаҭан Ахақәиҭра ашҭаҿ ԥхынҷкәын 22 рзы.
Ари ахҭыс ақалақьуаа ирыдиныҳәалеит Аҟәа ахада Беслан Ешба.
Аартра амш инаркны есыҽны аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит, акьанџьа дуқәа мҩасуеит, аконцертқәа еиҿыркаауеит, ишәаҳәоит, икәашоит.
Уи адагьы, иаартхоит акинотеатр, иддырбалоит амультфильмқәа.
"Аеҵәақәа" рфинал
Ԥхынҷкәын 22 рзы амузыкатә проект "Apsny-Star" афинал мҩаԥысит аҳәынҭфилармониаҿы ахәаша.
Ильда Қәычбериаԥҳа лкоманда алахәыла Лола Колбаиаԥҳа аҵара лҵалоит Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны.
Ильда Қәычбериаԥҳа лкомандаҟынтәи апроект афинал ахь инеит Иракли Џьумутиа, Миранда Мархолиа, Самвел Миракиан. Фаиа Мархолиа лҟынтәи - Софиа Миаукина, Викториа Лабиа, Сариа Аиба, Аслан Шьакаиа.
Софиа Миаукина апроект апродиусер Ҭеимураз Кәакәасқьыр иҟынтәи ҳамҭас илоуит аклип аҭыхразы алшара. Миранда Мархолиа - амузыкатә продиусер Анри Гәынба иҿы ашәа ҭалыҩуеит, Викториа Лабиа - лхатәы альбом аҭаҩразы алшара лымоуп.