Аԥсны

Алада Ешыра 20 инареиҳаны амаининг-хархәагақәа рыԥшааит

Аԥсны аенергосистема анырра бааԥс азҭо акриптавалиута амаининг иаҿагыланы ақәԥара шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Алада Ешыра ирыԥшааит 23 маининг-хархәага ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа арпесс-маҵзура.
Ахархәагақәа ахьчагатә система ала иеиҿкааны уаҩ дызхымыз ахыбраҿ игылан. Дара зегьы афымцацәаҳәа иаҿыганы Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭахь инагоуп. Аферма зтәыз Лиана Арӡынԥҳа административтә ҭакԥхықәра дақәыршәоуп.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
2020 шықәса раахыс ауааԥсыра ирылгоуп 6 000 хархәага инареиҳаны, убри аан Аԥсны Аҳазалхратә еилакы адыррала 2016 - 2020 шықәса цәыббрамзанӡа атәыла иалагалоуп 66 000 цыра инареиҳаны, 2020 шықәса раахыс акәзар - 27 нызқь цыра инареиҳаны ареспублика иалгоуп.