Аԥсны

Кристина Озган Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит

Иахьазы абензин ацәынха 8 000 тонна рҟынӡа аанханы иҟоуп, адизельтә былтәы - 1,5 нызқь тонна.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аинтервиу аҭо далацәажәеит Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Лара лажәақәа рыла, ԥхынҷкәын 16, 2023 шықәсазы иҭыҵит Урыстәыла аиҳабыра Рықәҵара №2180, зыҟны аилахәыра "Роснефть" Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа рекспорт азин аҭаз.
Аминистр илҳәеит Аԥсныҟа абылтәы аазго шырацәаҩу, еиуеиԥшым аилахәырақәа аилаӡарақәа шрымоу.
"Уажәазы, ақәҵара ари анорма аԥкра азнауеит, иазгәанаҭоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу аилахәыра "Роснефть", уи аиҟәшаратә усбарҭақәа рымацара. Ара ҩ-ҭагылазаашьак цәырҵуеит. Руак – аҭыԥантәи абылтәџьармыкьа алахәылацәа русура аԥкра ауп", - ҳәа лҳәеит Озган.
Убри аан иазгәалҭеит, абылтәы аазго ишрылшо ишиашоу "Роснефти" дареи аилаӡара рыбжьаҵара.
"Абылтәы аагаҩцәа ареспубликаҿ абылтәы аҭаҵәах ыҟазарц азы анефҭаалыҵ ахә ршәахьеит, аалыҵ иахьа-уаҵәы аҳәааҿы иҟалоит. Иҭыҵыз ақәҵара абылтәы ареспубликахь алагалара ԥнакуеит", - ҳәа лҳәеит лара.
"Азҵаара аҭышәныртәаларазы аекономика аминистрреи Урыстәыла иашьашәалоу аусбарҭақәеи имҩаԥргоит аусутә еилацәажәарақәа. Аминистрра Урыстәылатәи аминистрра иазынанашьҭит еилаӡарала зыхә ршәахьоу абылтәы мҩанызго абылтәаагаҩцәа рзы аинформациа. Ҳгәыӷуеит абри азҵаараҿы ҳаилибакаап ҳәа", - азгәалҭеит Озган.
Аԥсны
Аԥсныҟа абылтәы ааргалоит аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны
Лара иара убасгьы илҳәеит, аекономика аминистрра иаанханы иҟоу анефҭаалыҵ агәаҭара шымҩаԥнаго аахәаҩцәа еиԥҟьарада рымаҵ ауразы.
"Абри азы абҵарамза алагамҭаз аилахәырақәа рахь ашәҟәқәа наҳашьҭхьан, иахәҭаны иҟоу аҵәах рымазарц. Иахьазы абензин ацәынха 8 000 тонна рҟынӡа аанханы иҟоуп, адизельтә былтәы - 1,5 нызқь тонна. Адефицит ҟаларым ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа лҳәеит Озган.
Уажәы аминистрра аус аднаулоит зыхә шәоу аилаӡарақәа рыла аалыҵ аагареи аԥхьаҟа адефицит ҟамларц азы аилаӡара ҿыцқәа рыбжьаҵареи рызҵаара.