https://sputnik-abkhazia.info/20231226/kristina-ozgan-asny-abylty-aagylazaasha-shyou-dalatsazheit--1049621209.html
Кристина Озган Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит
Кристина Озган Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Иахьазы абензин ацәынха 8 000 тонна рҟынӡа аанханы иҟоуп, адизельтә былтәы - 1,5 нызқь тонна. 26.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-26T10:55+0300
2023-12-26T10:55+0300
2023-12-26T10:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/01/1043906312_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_93255f7ad9a75c25e814cc6f2745f3bb.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аинтервиу аҭо далацәажәеит Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Аминистр илҳәеит Аԥсныҟа абылтәы аазго шырацәаҩу, еиуеиԥшым аилахәырақәа аилаӡарақәа шрымоу. "Уажәазы, ақәҵара ари анорма аԥкра азнауеит, иазгәанаҭоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу аилахәыра "Роснефть", уи аиҟәшаратә усбарҭақәа рымацара. Ара ҩ-ҭагылазаашьак цәырҵуеит. Руак – аҭыԥантәи абылтәџьармыкьа алахәылацәа русура аԥкра ауп", - ҳәа лҳәеит Озган. Убри аан иазгәалҭеит, абылтәы аазго ишрылшо ишиашоу "Роснефти" дареи аилаӡара рыбжьаҵара. "Абылтәы аагаҩцәа ареспубликаҿ абылтәы аҭаҵәах ыҟазарц азы анефҭаалыҵ ахә ршәахьеит, аалыҵ иахьа-уаҵәы аҳәааҿы иҟалоит. Иҭыҵыз ақәҵара абылтәы ареспубликахь алагалара ԥнакуеит", - ҳәа лҳәеит лара. "Азҵаара аҭышәныртәаларазы аекономика аминистрреи Урыстәыла иашьашәалоу аусбарҭақәеи имҩаԥргоит аусутә еилацәажәарақәа. Аминистрра Урыстәылатәи аминистрра иазынанашьҭит еилаӡарала зыхә ршәахьоу абылтәы мҩанызго абылтәаагаҩцәа рзы аинформациа. Ҳгәыӷуеит абри азҵаараҿы ҳаилибакаап ҳәа", - азгәалҭеит Озган. Лара иара убасгьы илҳәеит, аекономика аминистрра иаанханы иҟоу анефҭаалыҵ агәаҭара шымҩаԥнаго аахәаҩцәа еиԥҟьарада рымаҵ ауразы. "Абри азы абҵарамза алагамҭаз аилахәырақәа рахь ашәҟәқәа наҳашьҭхьан, иахәҭаны иҟоу аҵәах рымазарц. Иахьазы абензин ацәынха 8 000 тонна рҟынӡа аанханы иҟоуп, адизельтә былтәы - 1,5 нызқь тонна. Адефицит ҟаларым ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа лҳәеит Озган. Уажәы аминистрра аус аднаулоит зыхә шәоу аилаӡарақәа рыла аалыҵ аагареи аԥхьаҟа адефицит ҟамларц азы аилаӡара ҿыцқәа рыбжьаҵареи рызҵаара.
https://sputnik-abkhazia.info/20230926/asnya-abylty-aargaloit-aiabyrabzharat-eishaara-aaaa-iragany--1048236191.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/01/1043906312_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_b37cc420e60cfb1d39b41f93e54261c4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Кристина Озган Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоу далацәажәеит
Иахьазы абензин ацәынха 8 000 тонна рҟынӡа аанханы иҟоуп, адизельтә былтәы - 1,5 нызқь тонна.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган
арадио Sputnik аинтервиу аҭо далацәажәеит Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Лара лажәақәа рыла, ԥхынҷкәын 16, 2023 шықәсазы иҭыҵит Урыстәыла аиҳабыра Рықәҵара №2180, зыҟны аилахәыра "Роснефть" Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа рекспорт азин аҭаз.
Аминистр илҳәеит Аԥсныҟа абылтәы аазго шырацәаҩу, еиуеиԥшым аилахәырақәа аилаӡарақәа шрымоу.
"Уажәазы, ақәҵара ари анорма аԥкра азнауеит, иазгәанаҭоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу аилахәыра "Роснефть", уи аиҟәшаратә усбарҭақәа рымацара. Ара ҩ-ҭагылазаашьак цәырҵуеит. Руак – аҭыԥантәи абылтәџьармыкьа алахәылацәа русура аԥкра ауп", - ҳәа лҳәеит Озган.
Убри аан иазгәалҭеит, абылтәы аазго ишрылшо ишиашоу "Роснефти" дареи аилаӡара рыбжьаҵара.
"Абылтәы аагаҩцәа ареспубликаҿ абылтәы аҭаҵәах ыҟазарц азы анефҭаалыҵ ахә ршәахьеит, аалыҵ иахьа-уаҵәы аҳәааҿы иҟалоит. Иҭыҵыз ақәҵара абылтәы ареспубликахь алагалара ԥнакуеит", - ҳәа лҳәеит лара.
"Азҵаара аҭышәныртәаларазы аекономика аминистрреи Урыстәыла иашьашәалоу аусбарҭақәеи имҩаԥргоит аусутә еилацәажәарақәа. Аминистрра Урыстәылатәи аминистрра иазынанашьҭит еилаӡарала зыхә ршәахьоу абылтәы мҩанызго абылтәаагаҩцәа рзы аинформациа. Ҳгәыӷуеит абри азҵаараҿы ҳаилибакаап ҳәа", - азгәалҭеит Озган.
Лара иара убасгьы илҳәеит, аекономика аминистрра иаанханы иҟоу анефҭаалыҵ агәаҭара шымҩаԥнаго аахәаҩцәа еиԥҟьарада рымаҵ ауразы.
"Абри азы абҵарамза алагамҭаз аилахәырақәа рахь ашәҟәқәа наҳашьҭхьан, иахәҭаны иҟоу аҵәах рымазарц. Иахьазы абензин ацәынха 8 000 тонна рҟынӡа аанханы иҟоуп, адизельтә былтәы - 1,5 нызқь тонна. Адефицит ҟаларым ҳәа ҳақәгәыӷуеит", - ҳәа лҳәеит Озган.
Уажәы аминистрра аус аднаулоит зыхә шәоу аилаӡарақәа рыла аалыҵ аагареи аԥхьаҟа адефицит ҟамларц азы аилаӡара ҿыцқәа рыбжьаҵареи рызҵаара.