Аԥсны

Амшцәгьа иахҟьаны алашара ахьыҟамыз араионқәа рҿы афымцамч шьақәдыргылеит

Ԥхынҷкәын 23-24 руыха Аԥсны иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Очамыра араионқәа рынхацәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Амшцәгьа иахҟьаны алашара ахьыҟамыз араионқәа рҿы афымцамч шьақәдыргылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
"Авольтҳарак цәаҳәақәа зегьы еиҭашьақәыргылан. Астанциа маҷқәа рҿы ацәаҳәақәа, афидерқәа еиҭашьақәыргылоуп, иҟоуп аҿыцқәа рыла иахьыԥсахугьы. Ауаа алашара рыҭоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Гагәылиа иажәақәа рыла, уажәы аенергетикцәа аус руеит абжьааԥаны еиԥш, ауааԥсыра иҟарҵо азыҳәақәа рыла арҽеирақәа мҩаԥыргоит.
Иара убасгьы иҳәеит, ԥхынҷкәын 28 рзы астанциа маҷ "ИЕПИТ" аҿы арҽеиратә усурақәа мҩаԥысраны ишыҟоу, Аҟәа ақалақь агәы аҟны асааҭ 12:00 - 14:00 рзы алашара шырцәахо.