Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи ашхәа Амшын еиқәаҿы иӡаарҟәрылан

Ҟрыми Севастополи иахьрыҵанакуа атеррористтә шәарҭара аҩаӡара ҩежь шьақәгыланы иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ԥхынҷкәын 30 рзы ашьыжь иҭадырхеит Ҟрымтәи адгьылбжьахалахь зхы хаз украинатәи аекпиаж зҭамыз ашхәа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Ԥхынҷкәын 30 асааҭ 10.00 рзеиԥш Амшын еиқәа аҩада-мраҭашәаратәи аӡымҽхакыраҿы ирбеит Ҟрымтәи адгьылбжьахалахь зхы хаз Украина Арбџьармчқәа иртәыз аекпиаж зҭамыз ашхәа. Уи ҭархан Амшынеиқәатәи афлот ахылаԥшратә шхәа иқәгылаз абџьар ала", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Уи адагьы, ԥхынҷкәын 29-30 рзы Киев урыстәылатәи аҵакырахь зымҽхак ҭбааз ажәылара аԥырҟәҟәаан.
Иҷаԥшьоз аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит украинатәи адронқәа 32 Бриансктәи, Орловтәи, Курсктәи, Москватәи аобластқәа рҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа ДЖәР аҿы украинатәи аҳаирплан Ми-8 карыжьит