Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа ДЖәР аҿы украинатәи аҳаирплан Ми-8 карыжьит

© Sputnik / Станислав Красильников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодразделение ЦВО на Краснолиманском направлении СВО
Подразделение ЦВО на Краснолиманском направлении СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Анапаҵаҩра
Иара убасгьы, уахыки-ҽнаки ирылагӡаны аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа быжьба, аракета HARM, авиациатә бомба JDAM, украинатәи адронқәа 17.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik. Урыстәыла аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа украинатәи аҳаирплан Ми-8 карыжьит ДЖәР, Водианое аҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аимнистрра.

Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ амеханизациа зызуу 67-тәи абригада акоманда-хылаԥшырҭатә ҭыԥи, аоператив хықәкы змоу 1-тәи абригадеи, абылтәышьҭаҵарҭеи ааха рырҭеит, 127 раион рҿы ари атехникеи ааха рыҭоуп.

Купиансктәи ахырхарҭаҿы УАМ ажәыларақәа фба аԥырҟәҟәаауп, иҭархоуп 45-ҩык аибашьцәа, ҩ-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубица Д-30.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 190-ҩык аибашьцәа, атанк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, агаубица Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы ҩ-жәыларак аԥырҟәҟәаауп. Киев иацәыӡит 280-ҩык асолдаҭцәеи, ҩ-кәылӡытранспортиорк, х-автомашьынак, ҩ-гаубицак "Мста-Б", ҩ-артиллериа шьақәгылак "Акация", ҩ-гаубицк Д-30, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ иацәыӡит 90-ҩык асолдаҭцәа, х-пикапк, Запорожиатәи ахырхарҭаҿы – 45-ҩык асолдацәа, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30. Херсонтәи ахырхарҭаҿы – иҭархоуп 20-ҩык аибашьцәа, х-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Акация", абзарбзан Д-20, артиллериатә шьақәгылақәа "Гвоздика" – ԥшьба.
Ажәабжьқәа зегьы
0