Аԥсны

Гагра ауааԥсыра ҩ-сааҭк рышьҭахь ӡыла еиқәыршәахоит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Гагра ауааԥсыра 19:00 сааҭ рзы ӡыржәтәла еиқәыршәахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақалақьтә коммуналтә усбарҭа аиҳабы Алиас Ажьиба.

"Аҭыԥаҟны аусурақәа цоит. Шә-метрак ацәаҳәа ҳаԥсахит, ҩ-сааҭк рышьҭахь ауааԥсыра аӡыржәтә рзоуҳашьҭуеит", - иҳәеит Ажьиба.

Гагратәи аӡыҭгагатә станциақәа "Репруа-1", "Репруа-2" афымцатә цәаҳәа аусура аиԥҟьара иахҟьаны ақалақь ауааԥсыра ӡыда иҟоуп ажьырныҳәа 10 раахыс.