Аԥсны

Гагра ақалақь аҟны аӡы шьақәдаргылеит

Гагра иаланхо ауааԥсыра ӡыда иҟан ахаша ажьырныҳәа 10 раахыс, аӡыҭгагатә станциақәа "Репруа-1", "Репруа-2" аусура аиԥҟьара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гагра аӡы роуит ахәаша, ажьырныҳәа 12 руха, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Иҷыдоу автонхамҩа" аиҳабы Ҭемыр Бигәаа.
Иара иажәақәа рыла, аҟазацәа аҵх зегьы аӡыҭгагатә станциа афымцатә цәаҳәа ахьԥҵәаз аҭыԥ ԥшааны ишьақәыргыланы асааҭ 23:00 рзы ақалақь ауааԥсыра аӡы рырҭеит.
Уаанӡа, Бигәаа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәахьан, Аҟәантәи еиҭаҵуа алабораториа шаагаз.
Аԥсны
Гагра ахәҭак ауааԥсыра хымш ҵуеит ӡыда иҟоуижьҭеи