Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны жәлар Ажьырныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсны аныҳәақәа ирхадоу - Ажьырныҳәа азгәарҭоит ажьырныҳәа 13-14 руха.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа жәлар Ажьырныҳәа рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, ҳажәлар имырӡқәа ашәышықәсқәа иргәылган иаарго ари аныҳәа амч ишеиднакыло аҭаацәарақәа, ауа-аҭахыра, еизааигәоу зегьы.

"Аныҳәа ауха, аиҳабацәа Анцәа иахь рхы рханы, аҭоурых дуӡӡа змоу Ҳаԥсадгьыл азы иныҳәоит, аҭынчра, ахирра, абарақьаҭра агымзарц, иҟазарц аизҳара, анҵыра, ҳҵас, ҳқьабз мыӡырц азы, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәоуеиқәшәара, аҳаҭыреиқәҵара рымазарц азы", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара аҟны.

Аԥсны аныҳәақәа ирхадоу - Ажьырныҳәа азгәарҭоит ажьырныҳәа 13-14 руха.
Аԥсны
Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи уи иахьатәи аҵаки