Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажьырныҳәа ашьаҭақәа рызхьаԥшреи уи иахьатәи аҵаки

© Foto / предоставлено Есмой ТодуаАжьырныҳәа
Ажьырныҳәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рныҳәара хада Ажьырныҳәеи уи Анцәахәы шыҟалази, иахьа аныҳәа амҩаԥгара иацу аҷыдарақәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.
Шьашәи "х-напыки"
Аԥхьа иҟалаз ажәоуп. Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом, убри аҟнытә ҳалагап аԥсуаа рныҳәара хада Ажьырныҳәеи уи Анцәахәы шыҟалаз иазкны аԥсуаа идырҿиаз рҿаԥыцтә ажәабжь ала.
Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аԥсуаа ашәарыцараҿы рхы зларыхьчашаз абџьар анрымамыз ыҟан, агыгшәыгьы иашьыр ҟалон рхы рзеиқәмырхакәа иара напыла "ашьацҳәақәа" аназыҟарҵоз аамҭазы. Убас зны аԥсыуак абнаҿы дшьабаны данцоз аамҭазы аӡәы дааиқәшәан, уи дихьчеит: ишьа ааникылеит, иршәит. Насгьы идыррақәа ииҭеит "х-напык" (аԥсынгьери, ажьаҳәа, арыҭәа) нацҵаны. Абас уи ибзоурала дҟалеит раԥхьатәи ажьи ҳәа еиҭарҳәоит аԥсуаа. Убри инаркны уи аиқәырхаҩ, акыр зымчыз, акыр зылшоз Шьашәы ихьӡырҵеит.
Аҵарауаҩ-аетнограф Иван Аџьынџьал ари ихьӡ аетимологиа шазиуа ала Шьашәы – "иршәу ашьа" ҳәа аанагоит. Шьашәы – Абжьныха, Ахьаҳ Ду ҳәагьы изырҳәоит. Џьоукы уи еиҭарҳәоит раԥхьа дзықәшәаз зшьа шәыз абыжьҩык рҟынтәи ауп ҳәа, ҽа џьоукы – Аԥсны иҟоу абжьныхак ирыдырҳәалоит. Раԥхьатәи ажьигьы Шьашәи ауааи рыбжьара цҳас ибжьаз, уи имаҵ зуаз иакәны ихәаԥшуан, убри аҟынтәгьы акыр зылшо иакәны дыԥхьаӡан. Иара дахьжьиуаз аҭыԥгьы иԥшьоу ҭыԥны иршьо иалагеит. Уи "их-напыкгьы" иара ида ҽаӡәы уи далакьысыр ҟаломызт. Шьашәы игәаҟаҵара азынгьы ажьи ила аџьма ршьуа иалагеит шықәсык знык Ашықәс ҿыц аухаз – Ажьырныҳәа ҳәа хьӡыс изауз.
Ахаҳәтә аамҭа инаркны иахьанӡа
Аҭоурых уазхьаԥшуазар, аԥсуаа аиха рнапахьы иааргеит II азқьышықәса анҵәамҭеи I азқьышықәса алагамҭеи рзы ҳәа азгәарҭоит аҭоурыхҭҵааҩцәа. Иара шжәытәӡатәиу аанарԥшуеит Нарҭаа репосгьы Аинар-жьи ихаҿала, уи Сасрыҟәа ахаҳә далхны данирӡрыжәуа инаркны, уи иаҳәа злихуа Сасрыҟәа изааигаз афырхы ала уҳәа егьырҭ асиужетқәа.
Праздник Ажьырныхуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Аԥсны
"Азҩа-ԥхӡы Анцәа иаҳзааумган": аԥсуаа Ажьырныҳәа шымҩаԥырго
Ажьира – аиха аус адулара ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара ҽаԥарак еиҭазгаз акакәхеит. Акыр аҽарҭбааит адгьылқәаарыхра, избанзар иаԥырҵо иалагеит амыругақәа: аиха, аигәышә, аҽага, ажыга, аҵыркант уҳәа. Уи инаваргыланы ажьицәа иҟарҵон абџьар: аҳәа, аҟама, аҳәызба, ахы иҭарҵоз ахәшә (ахаҳә-ҟыга рыман уи ахьыҟарҵоз). Аус адырулон арԥшӡагатә маҭәарқәа. Ажьицәа раҳаҭыр дуны ирбон, хьыӡла идырны ирыман. Аиха аус адулара шымариамыз ала машәырӡам ажьи мыч ҷыдак злоу иакәны иахьихәаԥшуазгьы уи иҭыԥ ԥшьаҭыԥны иахьыршьозгьы.
Иван Аџьынџьал ажьиреи уи акульти иазкны инарҭбааны дазааҭгыло иҩуеит абас еиԥш: "Ажәытә Бырзенцәа ирҳәон Амшын Еиқәа мраҭашәара аганахь иаҿықәынхо хьыи, раӡныи, аихеи рыгым" ҳәа. Абасала аиха аус адулара убранӡа рнапаҿы иааргеит мшыннырцәынтә ахәаахәҭыҩцәа аауан. Ажәлар рекономикеи, рсоциалтә ԥсҭазаараҿи аиха аус адулара аҭыԥ ду ааннакылеит. Аха Кавказтәи аибашьра ашьҭахь Кавказаа абџьар аҟаҵара азин анрымырх уи иаҳа-иаҳа иӡуа иалагеит, уи инаваргыланы иара акульт амҵахырхәарагьы аиҭакрақәа анубаалоит. Аханатә ажьира аҭыԥ аҟны иҟан ахәшҭаареи, аӷеи, "х-напыки". Иахьа инханы иҟоу "х-напык" зқәырҵо аҭыԥ заҵәык ауп, иара урҭгьы ианныҳәо уахь иназго маҷуп. Шьашәы ихьӡгьы уаанӡеиҧш иргәалашәом, ианныҳәо ихьӡ зҳәо рацәам. Аха ихадароу изыхныҳәо: ашьтәеи Шьашәы рбаӷьи мырӡкәа иааргоит.
Ажьырныхуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2020
"Ажьира алԥха ҳауааит": ҭаацәашәала Ажьырныҳәа ҳшаԥыло
Хьычхәама
Ҳаамҭазы Ажьырныҳәа ныҳәа дуны иахьаԥыло аиҳарак бзыԥаа рҿоуп. Урҭ рҿы ажәа "хьычхәама" иаҳа ахархәара амоуп "ажьырныҳәа" аасҭа. Ари ажәа иазкны иакыу аетимологиа ыҟаӡам (иҟалоит ахьы аҟынтәи иаауазаргьы?). Ҳәарада жәлантәыцыԥхьаӡа, ҭаацәацыԥхьаӡа еиуеиԥшымкәа иныҳәоит, досу ишҳақәу ала иҟаҳҵоит рҳәоит. Џьоукы ныҳәоит шәахьеи ԥшьашалеи, аҽа џьоукы иара ианақәшәо амш азы.
"Ҳара ҳныҳәоит шәахьеи ԥшьашеи. Аԥхьа ақыжә ҳшьуеит. Нас зегь рыцԥхьаӡа арбаӷьқәа ҳшьуеит. Ашьжьымҭан аԥхьа рызегь нсыдыргыланы сныҳәоит "уажәы абзара усырбоит, нас агәыи агәаҵәеи шусырбо" ҳәа ҳәаны исшьуеит. Уаха ажьирахь ҳаннеиуа арбаӷьқәа агәи, агәаҵәеи, ахқәеи досу иаратәы мырҩашьакәа еибыҭаны, ачашә, аӡәыцыԥхьаӡа хԥа-хԥа кәакәар, ацәашьқәа ҟаҵаны инаҳгоит", - ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит Оҭҳара ақыҭа инхо Енвер Аиба.
Иара иҭаацәараҿы иҟоуп ҩыџьа арԥарцәеи, хҩык аԥҳацәеи. Хаҵа ицахьо урҭ иаҿыргеит, иахьнанагаз хазы аҩны аганахь ҵлак ашьапаҿы игыланы иныҳәоит ҳәа ҳаиҳәеит. Иара иҩны иҟоу иҭацагьы иԥшәмаԥҳәысгьы убасҵәҟьа ажьирахь имнеикәа хазы иныҳәоит рарбаӷьи, рцәашьи, рчашәи, акәакәарқәа нрыцҵаны. Аҩы адгаланы.

"Хымԥадакәны Ачбеи Чачбеи ҟасҵоит санныҳәо: рызегь хәыҷык-хәыҷык намхны, аџьыкхыш лақәырҳәҳәны, аҩы нақәҭәаны уа иныҟасҵоит. Ачбеи Чачбеи абри ала исырчаанӡа, абри дсыржәаанӡа цәгьара Анцәа иаҳзааумган" ҳәа, - иҳәоит иара.

Бзыԥаа рҟны ажьира змамгьы шамахамзар акы агмыжькәа ажьира змоу реиԥш иныҳәоит. Ауаа рыхдырраҿы ишьақәгылеит ажьира иазку аныҳәара мҩаԥугар, уусқәа зегь аманшәалара ацзаауеит ҳәа.
Ажьырныхуа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2022
Аижәлантәқәа, ма ҭаацәашәала: Ажьиреи Ахьиреи аныҳәара разгәаҭашьа азы
Ажьырныҳәа
Абжьыуаа имҩаҧырго аныҳәара иаҳа даҽакала иаарҧшуп. Иазгәаҭатәуп иара ажьира змоугьы рхыԥхьаӡара иаҳа ишмаҷу, ажьира змам ус ашықәс ҿыц иаԥылоит, акы иамҵаныҳәо акәымкәа. Ҳа ҳзыҿцәажәаз Џьал ақыҭа инхо Виталик Ҭыжәба ишиҳәаз ала ажьира иазку аҳаԥшьа рзыҵоуп иара аныҳәазы иаадыртуа. Ажьирагьы иара иаҿыганы ауп ишигаз.
"Саб 73 ихыҵуан даныԥсуаз, 38-ҩык амоҭацәа иман. Анцәа иҳәааит абас еиҧш аизҳарақәа зегьы ироуа, ҳанеизҳа сабду иаҿигеит аныҳәаҩ дааганы. Арбаӷь шьны диныҳәеит, "ихы дақәиҭуп" ҳәа саб ижәҩа аашьышьны аҩныҟа иааигеит, арагьы убас арбаӷь шьны диныҳәеит", - ҳәа Ҭыжәаа рыҩнаҭаҿы ишныҳәо атәы ҳацеиҩишеит аԥшәма.
Уи ишҳаиҳәаз алагьы Ҭыжәаа рбаӷьла мацароуп ишрықәу, ашьтәа ршьӡом. 21 цыра акәакәарқәеи, ачашәи, ацәашьқәеи адыргалоит. Аҭаацәара иалалахьоу иԥҳа лакәзар, дахьнанагазгьы ажьира шрымоугьы, лмарҭхәқәа лаб иҩнрахьы лыхьӡала иаалышьҭуеит лара дзымаакәа, ианымҩаԥырго амш еиқәшәазар. Иара иҩны иҟоу иҭаца лакәзар, ажьирахь лнеира ахьыҟамло адагьы хазгьы дырныҳәаӡом зынӡаск.
Виталик Ҭыжәба иара убас иалкааны иазгәаиҭеит ахәыҷқәа хышықәса рхыҵаанӡа ажьирахь ишнаимго атәы. Ажьира иныҳәаны ианаԥырҵуа аԥараҿырп нықәыԥсан ицоит "абарақьаҭра ҟало" ҳәа, ибзиоуп ҳәа иазшьаны.
Афырхы
Уамашәа ибатәым Афырхы, Афцырҟьа, аныха иахьадыркыло, иагьраҳны иахьырбо ажьира аԥсуаа. Ажьи аус здиуло аиха амца шацрыддуа еиҧшуп аныха амца шацрыддуагьы урҭ рдоуҳатә культураҿы.

Аҭоурыхҭҵааҩ, ахеттолог Владислав Арӡынба ажьира акульт дахцәажәо ҳаҭҭааи аԥсуа-адыгаа ржәытә хылҵшьҭрақәа, рбызшәа реиҿырԥшрала реизааигәара дазнеиуеит иара Анцәахәы ихьӡ аҳәашьеи аиха ахаҭа аҳәашьеи рҿы, иагьадигалоит имаҷымкәа аҿырԥштәқәа. Иара иусумҭаҿы ажьира акульт далацәажәо иҩуеит: "Ари азҵаара ишақәнаго ахцәажәаразы иудыруазароуп иара ахаҳә аус адулара изнысыз амҩеи акульт аҿиашьеи (иазгәарҭоз ақьабзқәа уи аус анадырулоз) ртәы. Аха арҭ рыҩбагь реиҭашьақәыргылара уадаҩуп. Избанзар типологиала уахәаԥшуазар, аиха аҭҟараан оума, ианырӡрыжәуаз оума имҩаԥыргоз ақьабзқәа ыҟазар акәын, аетнографцәа зыхцәажәан иаанрыжьыз аусумҭақәа рҟны ус еиҧш џьаргьы иарбаӡам", - ҳәа.

Иҳәатәуп ажьира акульт Анцәақәа шрымоу Бырзентәыла – Гефест ихаҿала, римлианаа – Олимп иқәтәаз аџьаус ахаҿра аазырԥшуа Вулкан, афинцәа рҟны – Ильмаринен, агерманцәа рҿы – Виланд, аурысцәа – Сворог уҳәа ажәларқәа рацәаҩны. Аԥсуаа иаҳзааигәоу адыгаа рҟны акәзар, уи Тлепш иоуп, Аинар-жьи еипш Сасрыҟәа дызӡрыжәыз.
Празднование Ажьырныхуа в селе Тхина - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.01.2021
Шьашәы абжьныха ирхылаԥшу аҵалара: Ажьира аҵеи дшаҵарныҳәо
"Изыхҟьозеи, насгьы уасхырс иаҵоузеи Кавказ ажәларқәа зегьы рҟны аиҳа аԥсуаа рыҩнуҵҟа аметаллургиеи, ажьиреи, аихаԥсыхәи ркульт аиқәхара? Машәырла иҟалаз акоума абри аҭагылазаашьа! Аԥсуаа ирыдыркылоз адунеитә динхаҵарақәа – ақьырсианреи аԥсылманреи изрылымшазеи абри анцәахә рыҵарӡра?", - ҳәа иқәиргилоит азҵаара аетногроф Иура Аргәын. Иҟалап иара иҵаулаӡоу архаикатә шьаҭақәа ракәзар еиқәзырхо ҳәа дазхәыцуан аҵарауаҩ. Иахьагьы ари азҵаараҿы узлацәажәаша азҵаарақәа имаҷымкәа иаартны иаанхоит.
Ажәала салагеит, зегь зымчу ажәала ихсыркәшар сҭахуп: "Шьашәы – Ахьаҳ Ду, абжьныха! Зҳәа неиуа, зуы ылҵуа! Шаҟа хәыӡи шылеи еилоу аҟара мши, насыԥи, гәабзиареи Шьашәы ишәиҭааит!".
Ажәабжьқәа зегьы
0