Аԥсны

Аҳазалхыҩцәа "Ешыра" аҟны иааныркылаз амашьына амаининг-аппаратқәа 10 ҭыргеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Аҳазалхыҩцәа ААИ агәаҭаратә ҭыԥ "Ешыра" иааныркылаз амашьынаҟны амаининг-аппаратқәа 10 рбеит, абри атәы аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы.
Аҳазалхыҩцәа иаанкылаз амашьына еимырдеит, аидараҭыԥ аҟны акриптоԥара арҳаразы амаининг-аппаратқәа рбеит.
Аппаратқәа рымхын, административтә зинеилагараз аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.
Акриптовалиута арҳаразы амаругақәа Аԥсныҟа ралагаларазы аԥкрақәа рыҿҳәара изныкымкәа инахон, аҵыхәтәаны инахеит 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.