Аԥсны

Аԥсныҟа абылтәы аагаразы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбараз Адепутатцәа Аҳәынҭдумахь азыҳәа ҟарҵоит

Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит ажьырныҳәа 18 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Жәлар Реизара адепутатцәа Аҳәынҭдумахь азыҳәа ҟарҵар ҟалап Аԥсныҟа абылтәы аагаразы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбараз ҳәа иҳәеит адепутат Бадрик Ԥлиа.
Иацы имҩаԥысит аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара.
Аԥсны
Аекономика аминистрраҿы Урыстәылантәи Аԥсныҟа абылтәы аимпорт аквотақәа ртәы рҳәеит
Аилатәара иалахәын аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб, Аҳазалхраз аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, абылтәы еилахәырақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны аиҳабыреи урыстәылатәи рколлегацәеи аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит аилахәыра "Роснефть" амацара Урыстәылантә Аԥсныҟа анефҭ аалыҵқәа рекспорт азин ҟазҵо ақәҵара аганахь ала.
Ԥхынҷкәын 21 аахыс аԥснытәи аилахәырақәа иаархәахьоу абылтәы аԥсуа-аурыс ҳәааҿы игылоуп.
Ԥлиа иҳәеит Аҳәынҭдумахь ашәҟәы анашьҭраз аӡбра шрыдыркыло ашәахьаҽны.

"Ҳара ажәалагала ҟаҳҵеит анагӡаратә мчрақәа рхатә каналқәа рыла аинформациа роуртә иҟаҵазарц. Ашәахьаҽны ҳаизаны ари азҵаара еицаҳаӡбраны ҳаҟоуп", - иҳәеит адепутат.

Адепутатцәа иара убасгьы иалацәажәеит абылтәы альтернативатә аагара азҵаара, иазгәарҭеит амонаполиаҿагылараз азакәан адкылара шхымԥадатәиу.
"Аџьармыкьа напык аҿы аҟалара алзмыршо азҵаарақәа ӡбатәуп, иауртә иҟаҵатәуп "Роснефть" адагьы егьырҭ Урыстәыла аилахәырақәа абылтәы рымыхәҳаара", - иҳәеит Ԥлиа.
Иахьазы Аԥсны аус руеит "Роснефть" амацара абылтәы амзхәҳауа абылтәыҭаҭәарҭақәа.