Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥсны атәылауаҩ дҭахеит Авдеевка ажәылараан

Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы хатәгәаԥхарала еибашьра ицоит, аҭынч уааԥсыра рыхьчоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Владимир Харабуа дҭахеит Авдеевка ажәылараан ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба.
Харабуа аинтернационалтә бригада даланы деибашьуан, "Микич" ҳәа хьыӡшьарас иман.
Уаанӡа, ажьырныҳәа 10 рзы Херсонтәи аобласт аҿы аибашьраан дҭахеит Аԥсны атәылауаҩ Давид Сабекиа. Иара Урыстәыла Арбџьармчқәа дрыруаҩын.