Аԥсны

Урыстәыла акультура аминистрра аусдырыҩцәа Аҟәаҟа иаараны иҟоуп

Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа амцакра ашьҭахь иалшеит аусумҭақәа 200 раҟара реиқәырхара, уи афондқәа рҿы иҵәахын 4000 цыра асахьақәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 - Sputnik. Урыстәыла акультура аминистрра аусдырыҩцәа Аҟәаҟа иаараны иҟоуп ҳәа лыҩуеит Telegram-канал аҿы аминистр Ольга Лубимова.
Аминистрра аделегациа иалахәхоит И.Е. Грабарь ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхра ҭҵаарадырра-реставрациатә центр ахаҭарнакцәа, Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырра-реставрациатә институт, Третиаков ихьӡ зху агалереиа, Аурыс музеи рхаҭарнакцәа.
Аусдырыҩцәа еиқәхаз аҭыхымҭақәеи адокументқәеи рҭагылазаашьа ҭырҵаауеит, ареставрациатә усурақәа рыплан еиҿыркаауеит.
Амца иахәхаз аҟазара: Амилаҭтә сахьатә галереиа шыблыз
Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы асахьақәа зыҩназ ахыбраҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь адырра ҟалеит ажьырныҳәа 20-21 руха.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа аԥҵан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы, уи афондқәа рҿы иҵәахын 4000 цыра асахьақәа. Уи афонд аҿы ишьҭан еицырдыруа аԥсуа ҟазацәа - Александр Шервашиӡе-Чачба, Варвара Бубнова, Борис Петров, Владимир Контарев, Марина Ешба, Витали Лакрба, Валери Гамгиа, Витали Џьениа, Амиран Адлеиба, Ольга Брендель, уҳәа аӡәырҩы русумҭақәа.
Амца дырцәон Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра рымцарцәаратә гәыԥқәа 11, аха амца аанкылара анрылша асааҭ 7 рзоуп. Амца егьырҭ ахыбрақәа рахь аиасра иахьымӡаӡеит.
Атәыла ахада Апрокуратура хада адҵа риҭеит иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаар азы.